Аԥсны жәа-проектк нагӡахоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала
14:07 11.06.2026 (ирҿыцуп: 15:19 11.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Аԥсны сынтәа жәа-проектк нагӡахоит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.
Иааизакны урҭ рынагӡаразы иазоужьуп — 260 млн мааҭ инареиҳаны, даҽа 255 млн мааҭ апроект авторцәа иадырԥхьалоит.
Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп:
Традициала нанҳәамзазы Аԥсны имҩаԥысуа XXIV афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит.. .". Аконцертқәа еиҿыркаауеит Аҟәа, Пицунда, Бедиатәи ауахәама аҿаԥхьа.
Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи жәларбжьаратәи афестиваль #ШОУАБХАЗИИ мҩаԥгахоит нанҳәа 29 рзы, уи ареспублика Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҳаҭыраз имҩаԥгахоит.
Раԥхьаӡакәны Урыстәыла анҭыҵ имҩаԥгахоит урыстәылатәии аԥснытәии артистцәа ҿарацәа ахьықәгыло аицлабра-афестиваль "Музыка гордых—2026".
"Афырхаҵа имҩа" — Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аамҭа инаркны иахьанӡа аурыс-аԥсуа ҭоурыхтә-культуратә ҭынха аҭҵаара, аиқәырхара, аларҵәара иазырхоу проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны аинтерактивтә цәыргақәҵа аатуеит, жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Зынӡа 2021 шықәса раахыс акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд адгылара анаҭеит Аԥсны иадҳәалоу 63 проект, иааидкыланы 1,2 млрд мааҭ рыхә.