Аԥсны Астратегиатә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут адиректор далхуп
18:49 11.06.2026 (ирҿыцуп: 19:25 11.06.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
Ацентр ААР иахыԥхьаӡалахарц анапынҵа инапы аҵаиҩхьан Аԥсны ахада 2025 шықәсазы.
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Виачеслав Чрыгба Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа астратегиатә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут адиректорс далхуп.
Иара далхын ААР Апрезидиум аилатәараҿы маӡалатәи абжьыҭирала. Академиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, Чрыгба акраамҭа ари аусбарҭа напхгара шаиҭоз, аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҳасаб ала ианыҟаз.
"Азанааҭтә експерттә еилазаара шьақәгылеит, ҳара зегьы ҳуалԥшьеи ҳҭакԥхықәреи еилаҳкаауеит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит астратегиатә ԥҵамҭақәеи абжьгарақәеи рыла ҳтәыла ахәарҭа азаагара", — ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба.
Аилатәараҿы ишьақәырӷәӷәан 2026 шықәсазы "Аҭҵаарадырраҿы аихьӡарақәа рзы 2026 шықәсазы ААР Ахьтәы медал" аиуразы акандидатцәа.
Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рганахьала амедал ианашьахоит аботаник, абнахьчаҩ, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Сергеи Бебиа;
Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рҿы — афольклорҭҵааҩы, апоет, алитературатә критик, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, академик, Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Валентин Коӷониа.
Амедалқәа ранашьахоит Аԥсны Аҭҵаарадырра амш — жьҭаара 30 рзы.