Бигәаа, Делба, Назаров Башкортосҭан еиҭашьақәнаргыло Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭа гәарҭеит
13:12 12.06.2026 (ирҿыцуп: 15:26 12.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект мҩаԥысуеит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа", аԥснытәи анаплакыҩцәа рыцхыраарала.
АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсни Башкортосҭани реиҳабыра ахадацәа Владимир Делбеи Андреи Назарови Башкортосҭантәи афинанстә цхыраарала зеиҭашьақәдыргылра иаҿу Аҟәа аԥшаҳәаҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Ақьафурҭа "ДЭМ" инаркны акаҳуажәырҭа "Синяя птица" аҟынӡа километрак инеиҳауп, хәҭа-хәҭала еихшоуп — амра ахьықәыԥхои ашәшьыра ахьыҟоуи аԥшахьырсырҭа, амаланыҟәамҩа.
Адгьылҵаҟатәи акоммуналтә мҩангагақәа рыԥсахра инамаданы аусурақәа рхыркәшара аҿҳәара еиҭакын, урҭ ирыбзоураны аԥшаҳәаҿы акыршықәса зхыҵуаз аҵлақәа реиқәырхара алыршахеит. Иара убас амшгьы ахәҭаа аланагалеит аҽҳәара анаскьагараҿы.
Владимир Делба иазгәеиҭеит, Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров апроект даара дшазҿлымҳау, изныкымкәагьы уи агәаҭаразы дшаахьоу.
"Сгәыӷуеит, аԥшаҳәа иреиӷьу ишыруакхо ала, ҳара зегьы — ақалақь ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, ҳ-Аԥсны ԥшӡа ауааԥсыреи аҭааҩцәеи — ҳазгәдуухап ҳәа", — иҳәеит иара.
"Сгәыӷуеит, аԥшаҳәа иреиӷьу ишыруакхо ала, ҳара зегьы — ақалақь ауааԥсыра рымацара ракәымкәа, ҳ-Аԥсны ԥшӡа ауааԥсыреи аҭааҩцәеи — ҳазгәдуухап ҳәа", — иҳәеит иара.
Назаров иганахь ала агәыӷра ааирԥшит аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь аҟәатәи аԥшаҳәа адунеи аҿы иреиӷьқәоу ируакхап ҳәа.
"Ҳара зегьы ҳҽеидкылан еиҭашьақәҳаргылоит ари аԥшаҳәа, уи ҳагьазгәдууп. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа еилыркаарц — ҳара араҟа ҭаацәакны аус шеицаҳуа", — ҳәа иҳәеит Назаров.
"Ҳара зегьы ҳҽеидкылан еиҭашьақәҳаргылоит ари аԥшаҳәа, уи ҳагьазгәдууп. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа еилыркаарц — ҳара араҟа ҭаацәакны аус шеицаҳуа", — ҳәа иҳәеит Назаров.
