Апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәылакны" иаиааиз рзы афорум аатит Пицунда
18:20 12.06.2026 (ирҿыцуп: 21:26 12.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Афорум иалахәуп Аԥсни, Белоруссиеи, Урыстәыла арегионқәеи рҟнытә 38-ҩык ахәыҷқәа.
АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәылакны" аҿы аиааира згаз рзы аекофорум аатит Пицунда "Литфонд" аҟны.
Уи иалахәуп Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 38-ҩык ахәыҷқәа.
Аусмҩаԥгатә аартра ашьҭахь, алахәылацәа иаразнак арҵаратә процесс рҽазыркит. Урҭ афотосахьа бзиа шҭыхтәу азы алекциа иазыӡырҩит, анаҩс Инкьыт аӡҭачы ахь апрактикатә усураз ицеит.
Афорум мҩаԥысуеит рашәарамза 18-нӡа. Апрограмма иаҵанакуеит есыҽнытәи апрактикатә усурақәа, афотоҭыхра иазку алекциақәа, рҭыхымҭақәа реилыргара, Аԥсны иблахкыгоу акәакьқәа рҿы апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа.
Аусмҩаԥгатә хыркәшахоит иҟарҵаз афотосахьақәа рцәыргақәҵала. Иара аартхоит рашәара 17 рзы, афорум ашьҭахь аусумҭақәа хәҭак арҵаратә центр "Сириус" иаҭахоит, уаагь ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит.