Аԥснытәи алагерқәа зықьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа рыдкыларазы алшара роуеит
09:05 13.06.2026 (ирҿыцуп: 14:15 13.06.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Зықьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа Аԥсны Аҵара аминистрра апартниорцәа рыцхыраарала еиҿнакаауа алагерқәа рҭаара рылшоит.
Ԥхынгәы 1 инаркны Асоциалтә бгаԥса афонд ацхыраарала, Очамчыратәи ашкол-интернати Гагратәи алицеи-интернати рҿы алагерқәа аартхоит. Ԥхынгәы анҵәамҭазы Аҟәа, Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат аҿы арра-патриоттә лагер аартхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аԥсни Урыстәылеи рҵара аминистррақәа Урыстәылатәи агәыҳалалратә фонд "Сҭоурых" ацхыраарала нанҳәамза алагамҭазы даҽа лагерк аусура иалагоит. Уи 200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа аднакылар алшоит.
"Ари алагер аҵаратә программақәа рыла еиҿкаауп, ашколхәыҷы идунеихәыԥшышьа арҭбаара, иҟазшьақәа азыԥшаара уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.