Урыстәыла Атеатр маҷ аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы
12:16 13.06.2026 (ирҿыцуп: 15:05 13.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 13 — Sputnik. Урыстәыла Атеатр маҷ Николаи Гоголь ипиеса иалху аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы.
Ақәыргыламҭа ахәаԥшцәа азҿлымҳан, атеатр кәапеишәа иҭәын.
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, агастрольқәа рызҿлымҳара — аԥсуа хәаԥшҩцәа рыбжьара аурыс классика аҭаххара шыҟоу шьақәнарӷәӷәоит.
"Ари атеатр актиорцәеи аспектакль ссирқәеи, атрадициа ҵаулақәеи амоуп. Аклассика атеатр, аклассикатә театртә ҭынха ахьчара аинтерес аҵоуп, уи иахьа Урыстәыла адагьы, Аԥсынгьы иаҭахуп. Уи иҳанаҳәоит ҳахәаԥшҩгьы, ҳаԥсуа культурагьы — аурыс классика ргәы шазыбылуа", — иҳәеит иара.
Аспектакль иаҭааит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи асасцәагьы.
Рашәара 13,14 рзы ахәаԥшцәа ирыдыргалоит Николаи Гоголь икомедиа "Ахәмарҩы".
Агастрольқәа мҩаԥысуеит Урыстәыла акультура аминистрреи "Росконцерти" рыпрограмма "Агостроль дуқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.