Аԥсны адыррақәа аус рыдуларҭатә центр аатит
12:57 18.06.2026 (ирҿыцуп: 13:49 18.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Аԥсны адыррақәа аус рыдуларҭатә центр аатит.
Уи аартра даҭааит атәыла ахада Бадра Гәынба. Адыррақәа аус рыдуларҭатә центр Аԥсны аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ацифрахь риагара иазырхоуп. Уи атәылауааи, аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи, анаплакҩцәеи аинформациа аиуреи амаҵзурақәа рхархәареи рзы алшара рнаҭоит.
"Ари апроект аекономикатә ҿиаразы алшара ҿыцқәа аԥнаҵоит. Жәаҳәарада, ари адыррақәа рыҵәахразы ишәарҭадароуп. Атәыла аинформациатә шәарҭадара ҳалацәажәозар, усҟан адыррақәа рцентр хымԥадатәиуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Ацентр Аҟәа ақалақьтә телехәаԥшратә станциа аҭыԥ аҿы иҟоуп. Апроект нарыгӡеит аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭеилакы.