https://sputnik-abkhazia.info/20260618/1063790917.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Украинатәи адронқәа Москвеи уи азааигәареи хыԥхьаӡара рацәала ржәылара иахҟьаны 16-ҩык ауаа ааха роуит, урҭ рҟынтә ҩыџьа хәыҷқәоуп.Аиҳабыра иаарыцҳауа... 18.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-18T13:30+0300
2026-06-18T13:30+0300
2026-06-18T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/12/1063790751_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7d0115bf681cd2e5b5c39a3488444cdf.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Украинатәи адронқәа Москвеи уи азааигәареи хыԥхьаӡара рацәала ржәылара иахҟьаны 16-ҩык ауаа ааха роуит, урҭ рҟынтә ҩыџьа хәыҷқәоуп.Аиҳабыра иаарыцҳауа адыррақәа рыла, аҳаирхыхьчаратә мчқәа амш алагамҭа инаркны 190 инареиҳаны адронқәа ҭадырхахьеит. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны Москватәи арегион аҟны ари хыԥхьаӡарала иреиҳау жәылароуп. Ажәылара аанкыларазы аусурақәа ирыцҵоуп.Адронқәа ржәылара иахҟьаны, москватәи аҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа рылагалан.50 инареиҳаны ареисқәа ҩ-сааҭк инареиҳаны еиҭаргеит. Уажәазы Шереметиево, Внуково, Домодедово ԥкрада аус руеит, Жуковтәи аҳаирбаӷәаза еиқәшаҳаҭрала ареисқәа рымаҵ ауеит.
Аԥсны аҳаԥқәа ркадастр аҟаҵара хымԥадатәиуп ҳәа азиԥхьаӡоит Афонҿыцтәи аҳаԥҭҵааҩцәа рклуб анапхгаҩы Алхас Смыр.Иара арадио Sputnik аефираҿ иазгәеиҭеит Урыстәыла "Кадастр пещер Абхазии" ҳәа ишрымоу, уи иаҿырԥшны Аԥсны аҳаԥқәа ирызку еизаку аинформациа аҟаҵара ргәы ишҭоу. "Уаанӡа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо зегьы аҟынтә аспелиологцәа Аԥсны аҳаԥқәа рыҭҵаара иаауан. Уажәы иҟоу аԥкрақәа ирыхҟьаны, урыстәылантәи мацароуп ишаауа. Уаҟа акомиссиа иахысроуп иҳаԥу-иҳаԥыму ашьақәыргыларазы", — иҳәеит Смыр.
Гәдоуҭа араион ахәҭак ӡыда иаанхеит Дәырԥшь ақыҭан аӡымҩангага аԥжәара иахҟьаны.Ӡыда иаанхеит ақыҭақәа Дәырԥшь, Мгәыӡырхәа, Ҟәланырхәа, Џьырхәа, Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак (Замостианка).
Аҟазаратә галереиа "Атрадициақәа рҭынха" аргылара иалагеит Цандрыԥшь.Апроект налыгӡоит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз Сариа Ахԥҳа.Ԥхьаҟатәи агалереиа ашьаҭаҿы, еиҵагыло абиԥарақәа рзы, аԥсуа культура асимволқәа иреиуоу аԥхьарца хәыҷы аформа змоу, асаит ахь уназго азхьарԥши еNеFCи адыргеи зну "аамҭа акапсула" шьҭарҵеит.Акультуратә ҭыԥ ҿыц аҿы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, анышәаԥшьлыхқәа, заатәи ақьырсиантә архитектура абаҟақәа рминиатиуратә хкьыԥхьлаақәеи, амилаҭтәи аклассикатәи амузыка арҳәагақәеи цәыргахоит.Апроект "Атрадициақәа рҭынха" аицлабра "Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит" аҿы аиааира агеит.
Украинатәи адронқәа Москвеи уи азааигәареи хыԥхьаӡара рацәала ржәылара иахҟьаны 16-ҩык ауаа ааха роуит, урҭ рҟынтә ҩыџьа хәыҷқәоуп.Аиҳабыра иаарыцҳауа адыррақәа рыла, аҳаирхыхьчаратә мчқәа амш алагамҭа инаркны 190 инареиҳаны адронқәа ҭадырхахьеит. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны Москватәи арегион аҟны ари хыԥхьаӡарала иреиҳау жәылароуп. Ажәылара аанкыларазы аусурақәа ирыцҵоуп.Адронқәа ржәылара иахҟьаны, москватәи аҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа рылагалан.50 инареиҳаны ареисқәа ҩ-сааҭк инареиҳаны еиҭаргеит. Уажәазы Шереметиево, Внуково, Домодедово ԥкрада аус руеит, Жуковтәи аҳаирбаӷәаза еиқәшаҳаҭрала ареисқәа рымаҵ ауеит. Аԥсны аҳаԥқәа ркадастр аҟаҵара хымԥадатәиуп ҳәа азиԥхьаӡоит Афонҿыцтәи аҳаԥҭҵааҩцәа рклуб анапхгаҩы Алхас Смыр.Иара арадио Sputnik аефираҿ иазгәеиҭеит Урыстәыла "Кадастр пещер Абхазии" ҳәа ишрымоу, уи иаҿырԥшны Аԥсны аҳаԥқәа ирызку еизаку аинформациа аҟаҵара ргәы ишҭоу. "Уаанӡа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо зегьы аҟынтә аспелиологцәа Аԥсны аҳаԥқәа рыҭҵаара иаауан. Уажәы иҟоу аԥкрақәа ирыхҟьаны, урыстәылантәи мацароуп ишаауа. Уаҟа акомиссиа иахысроуп иҳаԥу-иҳаԥыму ашьақәыргыларазы", — иҳәеит Смыр. Гәдоуҭа араион ахәҭак ӡыда иаанхеит Дәырԥшь ақыҭан аӡымҩангага аԥжәара иахҟьаны.Ӡыда иаанхеит ақыҭақәа Дәырԥшь, Мгәыӡырхәа, Ҟәланырхәа, Џьырхәа, Жәандрыԥшь, Абӷархықә, Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак (Замостианка). Аҟазаратә галереиа "Атрадициақәа рҭынха" аргылара иалагеит Цандрыԥшь.Апроект налыгӡоит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз Сариа Ахԥҳа.Ԥхьаҟатәи агалереиа ашьаҭаҿы, еиҵагыло абиԥарақәа рзы, аԥсуа культура асимволқәа иреиуоу аԥхьарца хәыҷы аформа змоу, асаит ахь уназго азхьарԥши еNеFCи адыргеи зну "аамҭа акапсула" шьҭарҵеит.Акультуратә ҭыԥ ҿыц аҿы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, анышәаԥшьлыхқәа, заатәи ақьырсиантә архитектура абаҟақәа рминиатиуратә хкьыԥхьлаақәеи, амилаҭтәи аклассикатәи амузыка арҳәагақәеи цәыргахоит.Апроект "Атрадициақәа рҭынха" аицлабра "Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит" аҿы аиааира агеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/12/1063790751_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4642cef3c62332c2296084205abd8b02.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио