https://sputnik-abkhazia.info/20260618/1063798860.html
Аԥсуа фильмқәа ԥшьба Псков имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акинофестиваль апрограмма иалагалоуп
Аԥсуа фильмқәа ԥшьба Псков имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акинофестиваль апрограмма иалагалоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Аԥснытәи афильмқәа ԥшьба ԥхынгәы 23-26 рзы Псков имҩаԥысран иҟоу VII Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Мраҭашәаратәи агәашәқәа"... 18.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-18T19:08+0300
2026-06-18T19:08+0300
2026-06-18T20:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/12/1063798701_0:30:600:368_1920x0_80_0_0_108445457e42a0f89ee7244f1f19a1d1.jpg
АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Аԥснытәи афильмқәа ԥшьба ԥхынгәы 23-26 рзы Псков имҩаԥысран иҟоу VII Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Мраҭашәаратәи агәашәқәа" апрограмма иалагалоуп ҳәа аанацҳауеит афестиваль апресс-маҵзура.Иҷыдоу апрограмма "Аԥсны акино" аҟны ахәаԥшцәа ирыдыргалоит еиуеиԥшым ажанрқәеи авторцәа рабиԥарақәеи ирыҵаркуа, Аԥсны ганрацәала иаазрыԥшуа акиносахьақәа.Апрограмма иалоу афильмқәа иреиуоуп "Х-чараки бналараки", "Иҭабуп даду аиааиразы", "Сара Махаз сыхьӡуп", "Акы уасҳәарц сҭахуп".Иааизакны, сынтәатәи афестиваль апрограмма 100 инареиҳаны афимльқәа алахәуп. Ахәаԥшцәа, иара убасгьы, ирзыԥшуп аицлабратә хәаԥшрақәа, аԥхьарбарақәа, аҟазаратә еиԥыларақәа, афильмқәа рыхцәажәара уҳәа егьырҭ акультуратә усмҩаԥгатәқәагьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/12/1063798701_35:0:566:398_1920x0_80_0_0_3300eeda6adafde26b9f98827439a0bc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аԥсуа фильмқәа ԥшьба Псков имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акинофестиваль апрограмма иалагалоуп
19:08 18.06.2026 (ирҿыцуп: 20:22 18.06.2026) АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Аԥснытәи афильмқәа ԥшьба ԥхынгәы 23-26 рзы Псков имҩаԥысран иҟоу VII Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Мраҭашәаратәи агәашәқәа" апрограмма иалагалоуп ҳәа
аанацҳауеит афестиваль апресс-маҵзура.
Иҷыдоу апрограмма "Аԥсны акино" аҟны ахәаԥшцәа ирыдыргалоит еиуеиԥшым ажанрқәеи авторцәа рабиԥарақәеи ирыҵаркуа, Аԥсны ганрацәала иаазрыԥшуа акиносахьақәа.
Апрограмма иалоу афильмқәа иреиуоуп "Х-чараки бналараки", "Иҭабуп даду аиааиразы", "Сара Махаз сыхьӡуп", "Акы уасҳәарц сҭахуп".
Иааизакны, сынтәатәи афестиваль апрограмма 100 инареиҳаны афимльқәа алахәуп. Ахәаԥшцәа, иара убасгьы, ирзыԥшуп аицлабратә хәаԥшрақәа, аԥхьарбарақәа, аҟазаратә еиԥыларақәа, афильмқәа рыхцәажәара уҳәа егьырҭ акультуратә усмҩаԥгатәқәагьы.