Аҟәа аҵлақәа реилыхреи ақалақь ариаҵәаразы аиҭаҳарақәеи мҩаԥыргоит
15:56 19.06.2026 (ирҿыцуп: 16:49 19.06.2026)

© Sputnik / Alexey Malgavko
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Аҟәа аҵлақәа реилыхреи ақалақь ариаҵәаразы аиҭаҳарақәеи мҩаԥыргоит.
Аусурақәа мҩаԥысуеит Ешба имҩаду аҿы. Атроллеибустә цәаҳәақәеи зымчхара ҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәақәеи ирԥырхагоу, иҩахьоу аевкалипт амахәҭақәа хырҵәоит.
Аусурақәа мҩаԥысуеит Ешба имҩаду аҿы. Атроллеибустә цәаҳәақәеи зымчхара ҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәақәеи ирԥырхагоу, иҩахьоу аевкалипт амахәҭақәа хырҵәоит.
Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа уаанӡа Кәыдрытәи амҩаду, Кьалашәыртәи ацҳа инаркны Турбаза аҳабла аҟынӡа, иара убас Наӡаӡе лмҩаду рҿы имҩаԥыргахьан.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, ақалақь аҿы аиаҵәаратә ҭыԥқәа комплексла аус рыдулара мҩаԥысуеит. Иҩахьоу аҵлақәа ықәганы аҿара еиҭарҳауеит, ашьаци ачықьқәеи хылаԥшра рырҭоит.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, ақалақь аҿы аиаҵәаратә ҭыԥқәа комплексла аус рыдулара мҩаԥысуеит. Иҩахьоу аҵлақәа ықәганы аҿара еиҭарҳауеит, ашьаци ачықьқәеи хылаԥшра рырҭоит.
"Рыцҳарас иҟалаз, ажәытә ҵлақәа жәпакы ааха рымоуп, ачымазара ркуп. Ҳара урҭ рцынхәрас заа аиҭаҳатә азҳархиоит. Аҳҭнықалақь ахадара ари аус азҿлымҳара ҷыда арҭоит, избанзар уи Аҟәа алызкаауа ҟазшьарбоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
