Аԥсны "Ахәыҷқәа рфестиваль ду "ЭХО" аҽазыҟаҵара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы
17:07 19.06.2026 (ирҿыцуп: 18:41 19.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа имҩаԥигеит Аԥсны имҩаԥгахо жәларбжьаратәи апрограмма "Ахәыҷқәа рфестиваль ду "ЭХО" аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара.
Аиԥылара иалахәын аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа, РУСДРАМ анаԥхгаҩы Иракли Хынҭәба.
Аилатәара алахәылацәа афестиваль аиҿкааратә зҵаарақәа ирылацәажәеит, апрограммаҟны иҟалоит атеатралтә қәыргыламҭақәа, акиносахьақәа дырбара, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы аҟазаратә усурҭақәа.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, иарбоу аусбарҭақәа аусмҩаԥгатә аҽазыҟаҵаразы анапынҵақәа рыҭан.
Жәларбжьаратәи апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәыҷтәы фестиваль ду "ЭХО" ари Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аҿиара хықәкыс иҟаҵаны аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы имҩаԥысуа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку аҟазаратә фестивальуп. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит ԥхынгәы 6 инаркны 10 рҟынӡа.