Аԥсны АУ аиҳабы аб Виссарион Аԥлиа аҭынчреи, аныҳәареи, аицхыраареи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит
18:08 19.06.2026 (ирҿыцуп: 18:54 19.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) аҭынчреи, анцәаиҳәареи, арыцҳаибашьареи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Мсыртәи ацқьа Виссарион иныҳәамш аҽны Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы аныҳәатә нцәаиҳәара мҩаԥысит.
"Мсыртәи аԥшьацәа еснагь ауаа зегьы рдоуҳатә еизааигәара атәы рҳәон. Ҳара зегьы ҳаиуацәоуп, ҳаигәылацәоуп, бзиа ҳаибабароуп, ҳагәреибагароуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аб Виссарион, иара убасгьы, анҵәаиҳәареи аџьабаабареи рҵак ду азгәеиҭеит. Анцәахаҵаҩцәа рыԥсҭазаараҿы есыҽны Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәаларц, доуҳала анаӡара рҽазыршәаларц ааԥхьара риҭеит.
Ажәабжьбзиатә литургиа иалахәын Москватәи Апатриархати, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәамеи рхаҭарнакцәа, аҳаџьцәа.