Гал араион аҿы агәамсам аусадуларатә зауад ҟалар алшоит
19:05 19.06.2026 (ирҿыцуп: 20:29 19.06.2026)

© Sputnik / Алексей Майшев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Гал араион аҿы агәамсам аусадуларатә зауад ҟалар алшоит.
Апроект анагӡаразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәеит араион ахада Константин Ԥлиа Шьашьикәаратәи агәамсамкаԥсарҭа ҭыԥ аҿы Урыстәылатәи аҟазацәа рделегациа рԥылараан.
Урыстәылатәи аексперт иажәақәа рыла, аилазаара иахәҭоу аҳасабрбақәеи апроект абизнес-уснагӡеи реиқәыршәара ашьҭахь, аусура алагара иазыхиоуп. Аԥхьагылара змоу ауснагӡатәқәа иреиуоуп иҟоу агәамсамҭра аусадулара, атәылауаа ргәабзиареи акәша-мыкәшатә ҭагылазаашьеи анырра армаҷразы.
Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, Аекономика аминистрра аҳәарала, иҟоу агәамсам амҽхаки, ԥхьаҟатәи ахыбра иаҭаху аинфраструктуреи рзы адыррақәа реизгара мҩаԥысуеит.
"Иааиуа амчыбжь азы зегьы азырхиахар ҟалап. Аекономика аминистррахь инаҳгап, анаҩс апроект нап аркра ҳҽазаҳшәап. Ихадоу аусура алагара ауп", — ҳәа иҳәеит Пилиа Гал-Медиа ириҭаз аинтервиу аҿы.