Ақыҭа аҿиаразы агрантқәа риуразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит рашәара 22 инаркны
19:48 19.06.2026 (ирҿыцуп: 20:32 19.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Ақыҭа аҿиаразы агрантқәа риуразы арзаҳалқәа рыдыркылоит рашәара 22 инаркны ԥхынгәы 6 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара.
Агрантқәа рырҭоит аҵиаақәеи ажәлақәеи рааӡара, арахәааӡара, аԥсыӡ аусхк, ақыҭанхамҩатә техника аахәара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхреи аус адулареи рзы, ааглыхратә-техникатә ҭагылазаашьақәа раԥҵареи рыҿиареи рзы.
Аԥара аиура алыршахоит арахәи аԥсыӡи рааӡараазы амаругақәа раахәаразы, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхреи аус адулареи рзы атехника, адгьылқәа ррыцқьара, акыр шықәса нызҵо акультурақәа раарыхреи шықәсык ицо аиҭаҳатә рааӡареи.

Азыҳәақәа алазҵо иназыцҵоу адырра аиуразы шәадҵаалар шәылшоит Ақыҭанхамҩа аминистрра аусуратә мшқәа рзы асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа. Аҭыӡҭыԥ: Аҟәа, Лакәаба имҩаду 21 аҩны, 3-тәи аихагыла (аҭел: +7 (840) 226 19 05), мамзаргьы адгьыл ахьыҟоу аҭыԥ араион ахадара.