"Аԥснымедиеи" "Комсомольскаиа правдеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
11:11 20.06.2026 (ирҿыцуп: 11:39 20.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 20 — Sputnik. "Аԥснымедиеи" "Комсомольскаиа правдеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Ашәҟәбӷьыц рнапы аҵарҩит аԥснытәи аусбарҭа анаԥхгаҩы Роберт Џьопуеи урыстәылатәи ашәҟәҭыжьырҭа аҩны аиҳабы, аредактор хада Олесиа Носовеи.
Ашәҟәы хықәкыс иамоуп аҩ-ҳәынҭқаррак АИХ-қәа рыбжьара рзанааҭтә усеицура аҿиара, аинформациатә контент ахаҭабзиара аиӷьтәра, еицырзеиԥшу апроектқәа рзы азинтә шьаҭа аԥҵара ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

"Аԥснымедиа" азы ари аусеицура, егьырҭ урыстәылатәи АИХ-қәа аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа инарываргыланы, аԥышәа аимдареи еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Роберт Џьопуа.
Аиԥылараҿы аганқәа рылацәажәеит ҳаамҭазтәи акьыԥхьтә хархәагақәа рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп агазеҭқәа аԥхьаҩцәа радԥхьалара, аҭыжьымҭақәеи ҳаамҭазтәи адизаинла азнеишьақәа, иара убасгьы онлаин-платформақәа рыла ауааԥсыра радԥхьалара.