https://sputnik-abkhazia.info/20260622/1063857044.html
Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориахь риагаразы иԥсахыз аҿҳәара иацҵоуп
Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориахь риагаразы иԥсахыз аҿҳәара иацҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагаразы иԥсахыз ԥхынгәы 1-нӡа ҳәа аҿҳәара иацҵоуп... 22.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-22T15:07+0300
2026-06-22T15:07+0300
2026-06-22T15:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны жәлар реизара аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755809_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_12a7cc4a0c74f1fb8c839b11dced77c4.jpg
АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагаразы иԥсахыз ԥхынгәы 1-нӡа ҳәа аҿҳәара иацҵоуп абҵара 1 2026 шықәсанӡа.Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараан "Ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ адгьылтә категориақәа рахь риагара аамҭалатәи аанкыларазы" азакәан 1 ахәҭа аиҭакрақәа алагалан.Ашәҟәы иацу аилыркааратә згәаҭа ишаҳәо ала, аамҭа ацҵара хымԥадатәиуп ареспублика Адгьылтә кодекс ҿыц аиқәыршәареи адкылареи инарымаданы.Изыцҵоу аамҭа иаалгӡаны, ареспублика адгьылтә лшарақәа рхархәареи рҳәаақәҵареи шьақәзыргыло адгьылтә закәанԥҵара ҿыц иадҳәаланы аусура хыркәшахоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/11/1063755809_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_4eece423cf75d77d9f933b0b65b573a4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны жәлар реизара аусура
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны жәлар реизара аусура
Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориахь риагаразы иԥсахыз аҿҳәара иацҵоуп
15:07 22.06.2026 (ирҿыцуп: 15:57 22.06.2026) АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагаразы иԥсахыз ԥхынгәы 1-нӡа ҳәа аҿҳәара иацҵоуп абҵара 1 2026 шықәсанӡа.
Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараан "Ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ адгьылтә категориақәа рахь риагара аамҭалатәи аанкыларазы" азакәан 1 ахәҭа аиҭакрақәа алагалан.
Ашәҟәы иацу аилыркааратә згәаҭа ишаҳәо ала, аамҭа ацҵара хымԥадатәиуп ареспублика Адгьылтә кодекс ҿыц аиқәыршәареи адкылареи инарымаданы.
Изыцҵоу аамҭа иаалгӡаны, ареспублика адгьылтә лшарақәа рхархәареи рҳәаақәҵареи шьақәзыргыло адгьылтә закәанԥҵара ҿыц иадҳәаланы аусура хыркәшахоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп.