https://sputnik-abkhazia.info/20260624/1063893984.html
Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп
Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Заанаҵтәи алхрақәа мҩаԥысит Аԥсуаҭҵааратә... 24.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-24T13:12+0300
2026-06-24T13:12+0300
2026-06-24T13:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/18/1063893825_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_5b09b77b5c074c90deddabe2d222abb2.jpg
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Заанаҵтәи алхрақәа мҩаԥысит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысыз аиҿкаара изаамҭанытәим аилатәараҿы.Енвер Ажьиба – аԥсуа поет, апрозаик, ажурналист, диит лаҵарамза 15 1958 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭа. Аҩымҭақәа ркьыԥхьра далагеит 1977 шықәса инаркны гәдоуҭатәи араионтә газеҭ "Бзыԥ" аҟны. 1990 шықәса раахыс аус иуан ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс —агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредактор ихаҭыԥуаҩыс, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас.Ажьиба дравторуп 10 инареиҳаны апоезиатәи апрозатәи еизгақәа. Дыҩуеит аԥсышәала.2024 шықәса раахыс Ашәҟәыҩцәа рассоциациа напхгара аиҭон Владимир Занҭариа. Иара иԥсҭазаара далҵит 2026 шықәса хәажәкыра 21 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/18/1063893825_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_4fbdaff6dad29871a2f9b68b5e680f09.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп
13:12 24.06.2026 (ирҿыцуп: 13:35 24.06.2026) АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Енвер Ажьиба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахадас далхуп
ҳәа
аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Заанаҵтәи алхрақәа мҩаԥысит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысыз аиҿкаара изаамҭанытәим аилатәараҿы.
Енвер Ажьиба – аԥсуа поет, апрозаик, ажурналист, диит лаҵарамза 15 1958 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭа.
Аҩымҭақәа ркьыԥхьра далагеит 1977 шықәса инаркны гәдоуҭатәи араионтә газеҭ "Бзыԥ" аҟны. 1990 шықәса раахыс аус иуан ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс —агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредактор ихаҭыԥуаҩыс, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас.
Ажьиба дравторуп 10 инареиҳаны апоезиатәи апрозатәи еизгақәа. Дыҩуеит аԥсышәала.
2024 шықәса раахыс Ашәҟәыҩцәа рассоциациа напхгара аиҭон Владимир Занҭариа. Иара иԥсҭазаара далҵит 2026 шықәса хәажәкыра 21 рзы.