Аԥсны амбулатортә хәшәтәырҭаҿы прегабалин злоу ахәшәқәа рылҩаара иақәиҭым ԥхангәы 1 нахыс
18:04 24.06.2026 (ирҿыцуп: 18:48 24.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Уахь иаҵанакӡом акьыбачымазара змоуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи.
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Аԥсны амбулатортә хәшәтәырҭаҿы иҟоу ачымазцәа прегабалин злоу ахәшәқәа рзылҩаара иақәиҭым ԥхангәымза 1 инаркны.
Уи азы адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгареи иареи реиԥылара ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Уахь иаҵанакӡом акьыбачымазара змоуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба лаҵара 14 рзы изакәанымкәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара иаҿагыло Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит. Иара аусбарҭақәа адҵа риҭеит арҩашьыгатә маҭашьарқәа реикәыршареи урҭ здызкыло раанкылареи ирзынархоу аҳәынҭқарратә концепциа ашьақәыргылара.