Аԥсныҟа иааит Шумаков ихьӡ зху атрансплантологиа ацентр аҟынтәи аҳақьымцәа
10:16 25.06.2026 (ирҿыцуп: 10:40 25.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 25 — Sputnik. Аԥсныҟа иааит Шумаков ихьӡ зху атрансплантологиа ацентр аҟынтәи аҳақьымцәа.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи дареи реиԥылараан дара аԥснытәи ачымазцәа иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи дареи реиԥылараан дара аԥснытәи ачымазцәа иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит.
"Урыстәылатәи ҳколлегацәа раара зыдҳәалоу аҷаҷа чымазарақәа змоу рдиагностикеи, рыхәшәтәреи рганахьала ҳалшарақәа ахәшьара рыҭареи, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьаҿ, ма Шумаков ихьӡ зху ацентр аҿы – аҷаҷа атрансплантациа азура алыршара ахәшьара аҭареи роуп", — иҳәеит Ҳаҭхәа.
Урыстәылатәи аделегациа ахада, аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Аладатәии Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округқәеи ртрансплантолог Шамиль Галеев иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирыбзоураны агемодиализ зҭаху ауаа рыԥсҭазаара ԥкрада ахгаразы алшара шрымоу.
"Шумаков ихьӡ зху ацентр Урыстәыла адагьы атрансплантациатә цхыраара аганахьала адунеи аҿы иԥхьагылоуп. Ацентр аҿы еиҳа хыԥхьаӡара рацәала атрансплантациақәа мҩаԥысуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны ҩымш иҟазаауеит. Ари аамҭа иалагӡаны аҟазауаа аҷаҷачымазара змоу ауааԥсыра гәарҭоит.