Архитектор: еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәаҿы еснагьтәи ахылаԥшра еиҿкаатәуп
19:42 26.06.2026 (ирҿыцуп: 22:46 26.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Еилкаам ауаа Аҟәа зеиҭашьақәыргылара иаҿу аԥшаҳәаҿы аграниттә баркьыл рҵәаӷәеит. Аԥхасҭа атәы еилкаахеит иахьа, рашәара 26 рзы.
АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. Аҟәа зеиҭашьақәыргылара иаҿу аԥшаҳәаҿы авандализм ашьҭахь, еснагьтәи ахылаԥшра еиҿкаатәуп ҳәа лыԥхьаӡоит архитектор Кама Кациаԥҳа.
Лара арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иазкны аилацәажәарақәа раангьы, авидеорбагақәа рықәыргылара атәы ишалацәажәаз, аха уи аамҭазы, зхы здыруа ауааԥсыра уи аҩыза аԥхасҭа ҟарҵап ҳәа ргәы ишаанамгаз.

"Ҳәарада, сгәы иалоуп ауаа иҟаҵоу аус ахьырзеилымкаауа, уи ахьчареи аиқәырхареи шыхадоу, ахархәара иалагаанӡа аԥхасҭатәра акәымкәа", — ҳәа азгәалҭеит Кациаԥҳа.
Лара илҳәеит, иԥсабаратәу ахаҳә ианырҵо аныхра шыуадаҩу: уи азы аҵәҵәыратә ус адулара шаҭаху, насгьы уи абаркьыл адәахьтәи аҭеиҭыԥш аԥхасҭа анаҭар шалшо.