https://sputnik-abkhazia.info/20260626/1063952814.html
Ахьтәы медалла иалгаз аушьҭымҭацәа хәҩык атәыла ахада иҟнытә аԥаратә ҳамҭа ранашьоуп
Ахьтәы медалла иалгаз аушьҭымҭацәа хәҩык атәыла ахада иҟнытә аԥаратә ҳамҭа ранашьоуп
Sputnik Аҧсны
Ахәылԥаз аҿы 81-ы аушьҭымҭацәа рҵаратә қәҿиарақәа рзы иҷыдоу аттестатқәа ранашьан. Урҭ дара рнапаҿы ирырҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи аҵара... 26.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-26T21:35+0300
2026-06-26T21:35+0300
2026-06-26T23:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1a/1063954607_0:0:1620:912_1920x0_80_0_0_2b1ea5e3de89ddc3831b837237c57a1d.jpg
АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. Ахьтәы медалла сынтәа ашкол иалгаз хәҩык аушьҭымҭацәа аҳәынҭқарра ахада иҟнытә 200-200 нызқь мааҭ аԥаратә ҳамҭа ранашьан.Сынтәа рҽалыркааит:Ахәылԥаз аҿы 81-ы аушьҭымҭацәа рҵаратә қәҿиарақәа рзы иҷыдоу аттестатқәа ранашьан. Урҭ дара рнапаҿы ирырҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи аҵара аминистр Ҳана Гәынԥҳаи.Уи адагьы, иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рзы ахьи араӡни амедалқәа рыла ашкол иалгаз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз измауз, иахьа рҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан. Аушьҭымҭацәа рыхәылԥа асценахь ихалеит 1993-2009 шықәсқәа рзы ашкол иалгаз 29-ҩык. Урҭ рахьынтә жәҩык ахьтәы медалла иалгеит, 20-ҩык — араӡны. Амедалқәа ранашьара мҩаԥысит Аҵара аминистрра аԥшьгарала, иҿырԥшыган аҵаразы аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.Анаҩс С. багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аконцерт. Уи далахәын асас ҷыда адиџьеи Shiri. Аныҳәатә программа ашьҭахь ажәҩан ҵдырлашааит асалиутқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1a/1063954607_27:0:1467:1080_1920x0_80_0_0_f7a12e7403e9e1b7d437e0f0bf1c0597.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ахьтәы медалла иалгаз аушьҭымҭацәа хәҩык атәыла ахада иҟнытә аԥаратә ҳамҭа ранашьоуп
21:35 26.06.2026 (ирҿыцуп: 23:57 26.06.2026) Ахәылԥаз аҿы 81-ы аушьҭымҭацәа рҵаратә қәҿиарақәа рзы иҷыдоу аттестатқәа ранашьан. Урҭ дара рнапаҿы ирырҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи аҵара аминистр Ҳана Гәынԥҳаи.
АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. Ахьтәы медалла сынтәа ашкол иалгаз хәҩык аушьҭымҭацәа аҳәынҭқарра ахада иҟнытә 200-200 нызқь мааҭ аԥаратә ҳамҭа ранашьан.
Сынтәа рҽалыркааит:
Бениа Емилиа Адгәыр-иԥҳа — Гьаргь Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥҭатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа;
Дбар Адам Руслан-иԥа — Борис Ҭарба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа (ақыҭа Бамбора);
Лакәатаа Милана Амиран-иԥҳа — Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ аушьҭымҭа:
Сангәлиа Нисса Беслан-иԥҳа — Нестор Лакәаба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аушьҭымҭа;
Чагәаа Алиа Русҭам-иԥҳа — Нестор Лакәаба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аушьҭымҭа.
Ахәылԥаз аҿы 81-ы аушьҭымҭацәа рҵаратә қәҿиарақәа рзы иҷыдоу аттестатқәа ранашьан. Урҭ дара рнапаҿы ирырҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи аҵара аминистр Ҳана Гәынԥҳаи.
Уи адагьы, иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рзы ахьи араӡни амедалқәа рыла ашкол иалгаз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз измауз, иахьа рҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан.
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥа асценахь ихалеит 1993-2009 шықәсқәа рзы ашкол иалгаз 29-ҩык. Урҭ рахьынтә жәҩык ахьтәы медалла иалгеит, 20-ҩык — араӡны.
Амедалқәа ранашьара мҩаԥысит Аҵара аминистрра аԥшьгарала, иҿырԥшыган аҵаразы аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.
Анаҩс С. багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аконцерт. Уи далахәын асас ҷыда адиџьеи Shiri.
Аныҳәатә программа ашьҭахь ажәҩан ҵдырлашааит асалиутқәа.