https://sputnik-abkhazia.info/20260627/1063963627.html
Ахәылԥаз "аиаҵәахәқәа": Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥаҿы
Ахәылԥаз "аиаҵәахәқәа": Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥаҿы
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥа мҩаԥысит рашәара 26 рзы. 27.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-27T14:05+0300
2026-06-27T14:05+0300
2026-06-27T17:45+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1b/1063967130_0:31:600:369_1920x0_80_0_0_ae1f368127b0d726e975cef539b663eb.jpg
Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа идырԥшӡоз уарҳал ҟаԥшьны иҟалеит. Иацтәи ашколхәыҷқәа рзы Аҟәа еиҿкаан аныҳәатә концерт, акәашарақәа, асалиут.Аԥсны ахада Бадра Гәынба аушьҭымҭацәа зегьы хаҭала дрыдныҳәалеит, ахьтәы медалла зҵара хзыркәшаз аҳамҭақәа ранеишьеит.Реиҳа улаԥш здызхало аушьҭымҭацәа реибыҭашьеи ахәылԥаз иалукааша ахҭысқәеит — Sputnik афотолентаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1b/1063967130_34:0:567:400_1920x0_80_0_0_3789e901df414613ab320dc3f741603c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Ахәылԥаз "аиаҵәахәқәа": Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥаҿы
14:05 27.06.2026 (ирҿыцуп: 17:45 27.06.2026) Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥа мҩаԥысит рашәара 26 рзы.
Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа идырԥшӡоз уарҳал ҟаԥшьны иҟалеит.
Иацтәи ашколхәыҷқәа рзы Аҟәа еиҿкаан аныҳәатә концерт, акәашарақәа, асалиут.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аушьҭымҭацәа зегьы хаҭала дрыдныҳәалеит, ахьтәы медалла зҵара хзыркәшаз аҳамҭақәа ранеишьеит.
Реиҳа улаԥш здызхало аушьҭымҭацәа реибыҭашьеи ахәылԥаз иалукааша ахҭысқәеит — Sputnik афотолентаҿы.

Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа ареспубликатә хәылԥа мҩаԥысит Аҟәа рашәара 26 рзы.

Атәыла араионқәа зегьы рҟнытә аҳҭнықалақь аҿы еизеит 2026 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа.

Хара имгакәа дара ирзыԥшуп аԥышәарақәа раҭареи астуденттә ԥсҭазаареи.

Аушьҭымҭацәа рзы Аҟәа еиҿыркааит аныҳәа ду.

Аконцерт, иҷыдоу афотоҭыхырҭа ҭыԥ, аминистрцәа рҟынтә адныҳәаларақәа - апрограмма акыр иҭбаан.

Иацтәи ашколхәыҷқәа дрыдныҳәалеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.

Иара иазгәеиҭеит, атәылазы аҵак ду шамоу ҵарадыррала аҿар реиҵагылара.

Аԥсны 2026 шықәсазы хьтәы медалла ашкол иалгеит хәҩык аушьҭымҭацәа.

Аҵараҿы реихьӡара бзиаӡақәа рзы, урҭ 200-200 нызқь мааҭ аԥаратә ҳамҭа ранашьан.

Аушьҭымҭацәа шәҵатәыла реибыҭашьа ҭакԥхықәрала иазнеит.

Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа Аԥсны ашкол аушьҭымҭацәа идырԥшӡоз уарҳал ҟаԥшьны иҟалеит.

Изаамҭанымкәа иалагаз ақәоурагьы аныҳәатә гәалаҟазаара иаԥырхагамхеит.

Аконцерт алагаанӡа асценахь инаган Аԥсны абираҟ.

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аушьҭымҭа дцоит Аԥсны ахада инапаҟынтә ахьтәы медал аиураз.

Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, акыр шықәса зыхьтәы медалқәа змауцыз аушьҭымҭацәагьы иранашьан.

Аныҳәа хыркәшан убла хызкуа асалиут ала.