Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои еиҭашьақәыргылоу аҟәатәи аԥшаҳәа гәарҭеит
18:45 02.07.2026 (ирҿыцуп: 18:49 02.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои еиҭашьақәыргылоу аҟәатәи аԥшаҳәа гәарҭеит.
Ирҿыцу Диоскураа рыԥшаҳәа иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Иара убас агәаҭарақәа ирылахәын Башкортосҭан ахада Ради Хабиров, Нижни Новгород агубернатор ихаҭыԥуаҩ Олег Беркович.
Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи арегионқәа рыцхыраарала иалагеит 2025 шықәса рзы. Аремонттә усурақәа ҭыԥла еихшаны Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа", Урыстәылеи Аԥсни рнаплакыҩцәа ирыдҵан.
Еиҭашьақәыргылаз аҭыԥ азеиԥш аура иартәеит 1920 метра, аҵакыра аҵакыра — 13,7 гектар. Аԥшаҳәаҟны абетонтә гәашьақәа ԥсахын, аҵыргәатә ҭӡы гранитла ичаԥан, ахҟьа ҿыц шьҭаҵан, аплафонқәа еиҭашьақәыргылан, аӡцрыҵҳақәа рҿыцын, арымӡ ҿыцқәеи апавильонқәеи ргылан. Анџьныртә ӡбара ҿыцқәа ҳасаб рзуны аусурақәа рыхәԥса 2,5 млрд мааҭ иреиҳауп.
Аԥшаҳәа ахаҿра ҿыц ақалақь ахадараҿы иаԥҵоу Ақалақьргыларатә хеилаки аҳҭнықалақь ауааԥсыра еиқәшаҳаҭны инагӡоуп.
Аԥшаҳәа архитектуратә рҿыцра адагьы, Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа мҽхакыҭбаала археологиатә жрақәа мҩаԥган. Иаарԥшуп римтәии византиатәии аамҭақәа ирыҵаркуа рыԥсыжырҭақәа, иара убас ҳера II–III ашәышықәсақәа ирыҵаркуа алаҭын бызшәала аҩыра згәалаԥҟоу ахаҳә.
Аԥшаҳәа аартхоит ԥхынгәы 3 асааҭ 10:00 рзы Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аҿаԥхьа.