Кириенко: Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еидызкылаз хҭысхеит
13:50 03.07.2026 (ирҿыцуп: 14:43 03.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳагьы еидызкылаз, изырӷәӷәаз, изаамҭанытәиу хҭысны иҟалеит ҳәа иԥхьаӡоит Сергеи Кириенко.
Ари аус анагӡаразы рымчқәа еиларҵеит ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа зыбжьоу Аԥсни Башкортосҭани, Ҭаҭарсҭани, Нижни Новгородтәи аобласти.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, арегионқәа имаҷым аԥара адагьы рыԥсы аҟәырҷахагьы ари апроект ишаларҵаз.

"Сара имҩаԥгоу аус еиҳа иазыгәдуу абарҭ роуп ҳәа аӡәы дысзалкааӡом — аҟәаа ракәу, мамзаргьы Башкириеи Ҭаҭарсҭани рхаҭарнакцәа ракәу. Избанзар урҭ убас иазгәдуны ирылацәажәоит еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа аҭыԥқәа, еиҭарҳәоит ԥхьаҟатәи рыпланқәа ртәы ", — иҳәеит Кириенко.
Иара иазгәеиҭеит апроект аҵыхәтәанынӡа ишхыркәшам. Аха иарбаз аҿҳәарақәа ирықәныҟәан, аусурақәа рымҽхаки ахарџьқәеи иазԥхьагәаҭаз аасҭа ишеиҳахазгьы.
"Сара сзы ари акрызҵазкуа усуп. Сгәы излаанаго ала, ари Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара астратегиатә партниорреи аиашьареи реизыҟазаашьаҿы акрызҵазкуа усуп. Ҳара ҳажәа наҳагӡоит", — иҳәеит Сергеи Кириенко.
"Сара сзы ари акрызҵазкуа усуп. Сгәы излаанаго ала, ари Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара астратегиатә партниорреи аиашьареи реизыҟазаашьаҿы акрызҵазкуа усуп. Ҳара ҳажәа наҳагӡоит", — иҳәеит Сергеи Кириенко.