00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
31 мин
08:30
30 мин
13:00
31 мин
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бадра Гәынба Рустам Минниханов диԥылеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииБадра Гунба провел встречу с Рустамом Миннихановым
Бадра Гунба провел встречу с Рустамом Миннихановым - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсни Ҭаҭарсҭани реизыҟазаашьақәа рышьаҭа ҵаулоуп ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови иареи реиԥылараан.
"Зегь реиҳа ианыхьанҭаз, аибашьра аамҭазы, Ҭаҭарсҭан ауааԥсыра аиашьаратә жәлар — аԥсуа жәлар адгылара ӷәӷәа рырҭон. Абас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа роуп иахьагьы ишьақәҳаргыло", — азгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарра ахада дазааҭгылеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан 1993 шықәсазы, Казань ақалақь аҿы ареспублика ахаҭарнакра шаартыз.

"Ҭаҭарсҭан ацхыраара ҳнаҭон ахәшәқәа, зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа, анефҭаалыҵқәа рыла. Абарҭқәа зегьы Аԥсны ажәлар адгылара рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵан", — иҳәеит атәыла ахада.
Рустам Минниханов иганахьала Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла арегионқәа рымадара арҿиаразы.

"Ҳара аурыс-аԥсуа аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аимадарақәа активла ишьақәҳаргылоит. Даара игәазырҳагоуп иахьа шәареи ҳареи "Сабантуи" аныҳәа аҭаара ахьҳалшо", — иҳәеит Ҭаҭарсҭан ахада.

Иара убас иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа шьаҭас иҟаҵаны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҵак ду шамоу, иҳәеит Ҭаҭарсҭан шазыхиоу ареспубликазы акадр ҿыцқәа разыҟаҵара.

Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәареи, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, активла адгылареи рҿы хаҭалатәи илагала ду азы Бадра Гәынба Минниханов аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианеишьеит.
Открытие реконструированной набережной Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2026
Аԥсны
Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәара ҩымз рыҩнуҵҟа еиҿкаахоит
Ажәабжьқәа зегьы
0