00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Актуальный комментарий
14:51
5 мин
Инструкция по применению
14:56
4 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
21:00
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Габалиа аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи ахәҭа ахықәкы хада иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание наблюдательного совета Команды Абхазии
Заседание наблюдательного совета Команды Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи ахәҭа ахықәкы хада, ԥсахрада иаанхоит — атәыла аҿиараҿы злагала аҟаҵара иазхиоу анапхгаҩцәа раарԥшреи адгылара рыҭареи роуп иҳәеит "Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габалиа.
"Уи азы иӡбахоит астратегиатә уснагӡатәқәа — акадртә резерв ашьақәыргылара, зкомпетенциақәа ҳараку, аԥеиԥш змоу анапхгаҩцәа рыԥшаара, асоциалтә лифтқәа аобиективтә система рзаԥҵара, доусы рзы еиҟароу алшарақәа реиқәыршәара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҩбатәи ахәҭа ҷыдарас иамоуп 2026-2030 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә программа аԥыжәарақәа ҳасаб рзуны аусхкытә хырхарҭа арҿиара.

"Ҳара аицлабра алахәылацәа рзы еилыкка иҟоу аҭахрақәа ҳамоуп. Урҭ Аԥсны атәылауаҩра рымазароуп, рықәара 18-55 шықәса иҭаӡозароуп , ҩы- шықәса иреиҵамкәа анапхгараҭаратә ԥышәеи рымазароуп", — иҳәеит Габелиа.
Арзаҳалқәа рыдкылара иацы ихыркәшан. Уи аихшьаалақәа рыла ашәҟәы иҭагалан 3384-ҩык алахәылацәа. Зегь реиҳа аҳәынҭқарратә маҵзуреи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә еиқәыршәареи рхаҭарнакцәа роуп арзаҳалқәа аазышьҭыз.

"Актәи ахәҭа иаиуз ақәҿиара ахала ахы еиҭанаҳәоит. Усҟан 3,3 нызқь рҟынӡа рзаҳал нашьҭын, 82-ҩык афиналистцәа шьақәыргылан, 22-ҩык аиааира згаз аарԥшын. Урҭ рӷьырак аҳәынҭқарратә маҵурақәа роуит", —ҳәа азгәеиҭеит Габелиа.

Иара убасгьы иҳәеит, аицлабра анапхгаҩцәа зегьы рзы ишаарту, аполитикатә дунеихәаԥшышьақәа ирыхьмырԥшыкәа, уи иалнаршоит азеиԥшмилаҭтә уснагӡатәқәа рыӡбаразы апрофессионалцәа реидкылара.
Подведение итогов конкурса Гостеприимная Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2026
Аԥсны
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи ахәҭа ҭагалан имҩаԥгахоит
Ажәабжьқәа зегьы
0