Ҭырқәтәыла атәылауаа рӷьычразы ахара здырҵо Азамаҭ Арӡынба даанкылоуп
20:20 03.07.2026 (ирҿыцуп: 20:55 03.07.2026)

© Sputnik Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Ҭырқәтәыла атәылауаа рӷьычразы ахара здырҵо Азамаҭ Арӡынба даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Иара ахара идырҵоит мҽхакыҭбаала ацәгарақәеи закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршареи рзы.
Иахьа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь иҭаркразы азыҳәа нашьҭын. Аӡбарҭа Арӡынба иаанкылара аҿҳәара 72 сааҭ рҟынӡа иацнаҵеит, ԥхынгәы 6 рҟынӡа. Иара аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дыҟоуп.
Иара убас азинхьчаҩцәа иԥшаара иаҿуп ацәгьоура иалахәыз даҽаӡәгьы — Гәырам Арӡынба.
Лаҵарамза 11 рзы Дәрыԥшь ақыҭан гәыԥҩык ауаа ҭырқәтәылауаа — Соиак Бурҳани Абдуллаҳ Баирами мчыла амашьына иҭартәаны еилкаам ахырхарҭала рҽырӡеит. Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа Бурҳан иҭынхацәа хә-миллион доллар ршәарц рыдырҵеит.
Азинхьчаратә усзуҩцәа иӷьычыз рхы иақәиҭыртәит лаҵарамза 13 ауха. Ацәгьа руит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны фҩык аанкылоуп.