2026-2028 шықәсқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа ахәыҷтәы КВН ахәмаррақәа мҩаԥыргалоит
20:09 03.07.2026 (ирҿыцуп: 21:00 03.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. 2026-2028 шықәсқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа ахәыҷтәы КВН ахәмаррақәа рымҩаԥгараан аусеицуреи аинырреи рзы Амеморандум анапы аҵаҩуп.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, "Ателехәаԥшратә рҿиаратә хеидкыла "АМИК" адиректор хада Александр Маслиаков-аиҵбы, аиҿкаара "Акультуратә код" аиҳабы Руслан Лашәриа.
"Ахәыҷқәа — уаҵәтәи ҳԥеиԥш роуп, ҳаԥсҭазаараҿы зегьы ирыцкуп. Убри азы ҳара ҳҽазаҳшәоит ахәыҷтәы КВН ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭара. Ибзиаӡоуп ахәыҷтәы КВН Аԥсны иахьыҟоу, гәахәарыла аԥсуа команда Тула имҩаԥысран иҟоу жәларбжьаратәи афестиваль ахь ааԥхьара раҳҭоит нанҳәамза анҵәамҭазы", — иҳәеит Александр Маслиаков-аиҵбы.
Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа иазгәалҭеит, Аԥсны абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа даара ишырацәоу, Маслиаков ҭабуп ҳәа иалҳәеит афестиваль ахь ааԥхьара ахьыҟаиҵази апроект ҿыц алагареи рзы.