https://sputnik-abkhazia.info/20260708/1064235962.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аиқәырхаҩыс аҟазаара даара иуадаҩуп, иагьхьаауп иҳәеит Аԥсны АҶА 20 шықәса ахыҵра иазкны Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаан аусбарҭа ахада Лев... 08.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-08T13:30+0300
2026-07-08T13:30+0300
2026-07-08T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/08/1064235796_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_48bf12bf6b3123504b9736523f85149b.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аиқәырхаҩыс аҟазаара даара иуадаҩуп, иагьхьаауп иҳәеит Аԥсны АҶА 20 шықәса ахыҵра иазкны Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаан аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа."Ирҳәоит ауаа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ирышьцылоит ҳәа, аха зегь акоуп уи даара ихьаауп. Зегьы угәы иҵугоит. Аиаша шәасҳәап, арҭ 20 шықәса ирылагӡаны ҭынч џьара ацара, аҟазаара ҳалшом",- иҳәеит иара.Кәыҵниа инаҵшьны иазгәеиҭеит амаҵзура иааиԥмырҟьаӡакәа азыхиазаара, аинформациа ашьклаԥшра, аҭагылазаашьақәа иаарласны рызхьаԥшра шаҭаху.Зегь реиҳа ихьанҭоуп ахәыҷқәа злахәу атрагедиақәа.АҶА ахада атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит еиҳа агәаҽанызаареи агәцаракреи рымазарц.
Тҟәарчал ақалақь архиаразы зықьшьаҭа инареиҳаны аҵиаақәа аахәоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.Иҳаҩсыз ԥшьымз рыҩнуҵҟа,"Ариаҵәаратә нхамҩа" аусзуҩцәа абаҳчақәа дрыцқьеит, адгьыл аздырхиеит, аиҭаҳара иалагеит. Ҭагалан агортензиақәа реиҭаҳара нап адыркуеит иҳәеит анаплакы анапхгаҩы Денис Багаҭелиа."Ҳапрограмма зегь реиҳа ихадоу, акыр ҳаззыԥшу хәҭаны иԥхьаӡоуп агортензиақәа реиҭаҳара: хара имгакәа, Тҟәарчал асимвол ҳәа иԥхьаӡоу ашәҭ ԥшӡа 2000 шьаҭа ақалақь амҩадуқәеи апаркқәеи рҿы еиҭаҳахоит", — иҳәеит иара.
Аԥсны атеатр-концерттә ҭыҧ ду аҭахуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Сергеи Безруков.Иара иазгәеиҭеит, афестиваль "ЭХО БДФ" аспектакльқәа рӷьырак ахьымҩаԥысуа РУСДРАМ азал даара ишыманшәалоу. Аха аҭыҧ ду аргылара иалнаршоит ареспубликахь зымҽхак ҭбаау апроектқәа — ақәыргыламҭақәа, аконцертқәа раагара."Сара уи аҽалархәреи, адгыларатә шәҟәқәеи аҳәарақәеи зегьы рнапаҵаҩреи сазыхиоуп.Араҟа зымҽхак ҭбаау аконцертқәа рымҩаԥгара алшоит, сара сгәы излаанаго ала, уи шьахәхон", — иҳәеит иара "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо.
Аԥсны атәылауаҩ ареспубликахь арҩашьыгатә, апсихотроптә маҭәашьарқәа раагара иҽазишәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.66 шықәса зхыҵуа Руслан Сабекьиа иавтомашьына "Шкода" аҭуан ахҟьа аҵаҟа аԥснытәи аҳазалхыҩцәа аҵәахырҭа рбеит. Уаҟа иҭан 67 капсула апрегабалин зҭаз аблистерқәа хәба, арҩашьыга бупренорфин атаблетка, иххыз аметадон. Апсихотроптә маҭәашьарқәа рзеиԥш капан — 26,6 грамм, арҩашьыгатәқәа — 1,24 грамм.Сабекьиа Гәылрыԥшь араион АҩАР аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 415 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан 14 облостқәа рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәеи Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы,иара убас Ҟрыми, Ҭаҭарсҭан, Амшын еиқәеи, Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Аиқәырхаҩыс аҟазаара даара иуадаҩуп, иагьхьаауп иҳәеит Аԥсны АҶА 20 шықәса ахыҵра иазкны Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаан аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа."Ирҳәоит ауаа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ирышьцылоит ҳәа, аха зегь акоуп уи даара ихьаауп. Зегьы угәы иҵугоит. Аиаша шәасҳәап, арҭ 20 шықәса ирылагӡаны ҭынч џьара ацара, аҟазаара ҳалшом",- иҳәеит иара.Кәыҵниа инаҵшьны иазгәеиҭеит амаҵзура иааиԥмырҟьаӡакәа азыхиазаара, аинформациа ашьклаԥшра, аҭагылазаашьақәа иаарласны рызхьаԥшра шаҭаху.Зегь реиҳа ихьанҭоуп ахәыҷқәа злахәу атрагедиақәа.АҶА ахада атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит еиҳа агәаҽанызаареи агәцаракреи рымазарц. Тҟәарчал ақалақь архиаразы зықьшьаҭа инареиҳаны аҵиаақәа аахәоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.Иҳаҩсыз ԥшьымз рыҩнуҵҟа,"Ариаҵәаратә нхамҩа" аусзуҩцәа абаҳчақәа дрыцқьеит, адгьыл аздырхиеит, аиҭаҳара иалагеит. Ҭагалан агортензиақәа реиҭаҳара нап адыркуеит иҳәеит анаплакы анапхгаҩы Денис Багаҭелиа."Ҳапрограмма зегь реиҳа ихадоу, акыр ҳаззыԥшу хәҭаны иԥхьаӡоуп агортензиақәа реиҭаҳара: хара имгакәа, Тҟәарчал асимвол ҳәа иԥхьаӡоу ашәҭ ԥшӡа 2000 шьаҭа ақалақь амҩадуқәеи апаркқәеи рҿы еиҭаҳахоит", — иҳәеит иара. Аԥсны атеатр-концерттә ҭыҧ ду аҭахуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Сергеи Безруков.Иара иазгәеиҭеит, афестиваль "ЭХО БДФ" аспектакльқәа рӷьырак ахьымҩаԥысуа РУСДРАМ азал даара ишыманшәалоу. Аха аҭыҧ ду аргылара иалнаршоит ареспубликахь зымҽхак ҭбаау апроектқәа — ақәыргыламҭақәа, аконцертқәа раагара."Сара уи аҽалархәреи, адгыларатә шәҟәқәеи аҳәарақәеи зегьы рнапаҵаҩреи сазыхиоуп.Араҟа зымҽхак ҭбаау аконцертқәа рымҩаԥгара алшоит, сара сгәы излаанаго ала, уи шьахәхон", — иҳәеит иара "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо. Аԥсны атәылауаҩ ареспубликахь арҩашьыгатә, апсихотроптә маҭәашьарқәа раагара иҽазишәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.66 шықәса зхыҵуа Руслан Сабекьиа иавтомашьына "Шкода" аҭуан ахҟьа аҵаҟа аԥснытәи аҳазалхыҩцәа аҵәахырҭа рбеит. Уаҟа иҭан 67 капсула апрегабалин зҭаз аблистерқәа хәба, арҩашьыга бупренорфин атаблетка, иххыз аметадон. Апсихотроптә маҭәашьарқәа рзеиԥш капан — 26,6 грамм, арҩашьыгатәқәа — 1,24 грамм.Сабекьиа Гәылрыԥшь араион АҩАР аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 415 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан 14 облостқәа рҿы.Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәеи Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы,иара убас Ҟрыми, Ҭаҭарсҭан, Амшын еиқәеи, Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/08/1064235796_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_dfdb50ddc4788e68be5586872cac1827.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио