Аиқәырхаҩцәа имариам рзанааҭ иалацәажәеит Sputnik апресс-конференциаҿы
14:09 08.07.2026 (ирҿыцуп: 16:28 08.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 8 — Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминисттра 20 шықәса ахыҵра иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik ахашаҽны, ԥхынгәы 8 рзы.
АҶА аиҳабы иҳәеит русура иацу ауадаҩрақәа ртәы.
АҶА аиҳабы иҳәеит русура иацу ауадаҩрақәа ртәы.
"Аусбарҭа анаԥҵаз актәи амш инаркны аусзуҩцәа рыла аиқәыршәара ихымԥадатәу зҵааран. Урҭ аҵара дырҵатәын, иреилыркаатәын ихадоу, ихымԥадатәиу", — иҳәеит аминистр.
Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иахьа Аԥснынтәи Урыстәылатәи академиақәа рахь аҿар шырышьҭуа, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡараҿ ааҩык лимитла аҵара рҵоит Аԥсни Урыстәылеи АҶА ирыбжьоу аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны.
"Иахьатәи аамҭаз аусбарҭаҿ ихадоу ахырхарҭақәа рацәоуп — амедицинатә зҵааара, акинологиатә маҵзура ҳәа изышьҭоу, уҳәа ирацәаны. Иахьагьы иаҳзасуеит аибашьра аан ишьҭаҵаз артҟәацгақәа, аминақәа ҳбеит ҳәа, урҭгьы хылаԥшра рыҭалатәуп", — иҳәеит Кәыҵниа.
Апресс-конференциаҿ иалацәажәеит аусбарҭа анапахгара аԥсахра азҵаарагьы. Лев Кәыҵниа АҶА аструктураҿы аус иуеижьҭеи 20 шықәса ҵуеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭаҿы аусура далагеит, уи аминистрра ҳәа ианеиҭарк, напхгараҭара далгеит.
Кәыҵниа иҳәеит, абриаҟара шықәса рышьҭахь аусура ааныжьра шыхьанҭо, аха иара дазыхиоуп имоу алшарақәа зегьы рыла ацхраара ԥхьаҟагьы ацҵара.
"20 шықәса рыҩнуҵҟа аусбарҭа са сзы иҩн гәакьахеит. Аха убри аан аҿар арҭ атрадициақәа ирыцырҵар шакәу еилкаалатәуп", — иҳәеит иара, иагьазхгәеиҭеит аусбарҭаҿы аԥышәа ду змоу зус бзиаӡангьы издыруа ҿарацәа шырацәоу.