Аԥснытәи абитуриентцәа Москва, Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт иҭалеит
14:52 08.07.2026 (ирҿыцуп: 15:14 08.07.2026)

© Video screenshot
Анапаҵаҩра
Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт иҭалеит Екатерина Ҳашԥҳа, Дмитри Барцыц, Нестор Кьахьыр-иԥа, Валериа Гәымԥҳа, Рада Аҩӡԥҳа, Седа Асланиан, Богдан Зарандиа, Софиа Кәартааԥҳа, Алексеи Улыбин, Азра Ахан-иԥа
АҞӘА, ԥхынгәы 8 — Sputnik. Аԥснытәи абитуриентцәа Москва, Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт иҭалеит.
Дара абиуџьет аҿы хықәкылатәи аҿаҵала аҵара рҵалоит Ельдар Трамов икурс аҟны ҳәа азгәеиҭеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Иара иҳәеит, аҭалараан аӡәгьы дшалрымкаауаз. Аԥсуа драматә театри РУСДРАМи рзы "иаанкылан" 24 ҭыԥ, алԥшаара ахысыра зылшаз зегь реиҳа абаҩхатәра змаз жәаҩык роуп.
"Рыцҳарас иҟалаз, аҭыԥқәа рыбжеиҳарак хархәарада иаанхеит, аха ари — иреиҳау аҵараиурҭа алԥшаара аганахь ала иаанарԥшуа апроцедура ахаҭабзиара ҳараки аиҿкаара шьахәи арҵабыргуеит — хаҭала акурс асахьаркыратә напхгаҩы Ельдар Трамови адоцент Валери Маркини рганахь ала. Иҭало ирдыруазароуп актиортә занааҭ — занааҭ ҳаракуп, Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт еиԥш иҟоу иреиҳау аҵараиурҭаҿы, аҵараҵаразы алԥшааратә ԥышәарақәа иахәҭоу аҽазыҟаҵареи иалыркааз амҩа гәык-ԥсыкала ишазыҟоуи рдырра аҭахуп", — ҳәа иҩуеит иара.