Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Дамаск иҟалаз атеракт иақәыӡбеит
17:16 08.07.2026 (ирҿыцуп: 17:54 08.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 8 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Дамаск иҟалаз атеракт иақәыӡбеит.
Шьамтәылатәи аҳҭнықалақь агәҭа аԥжәара ҟалеит ԥхынгәы 7 рзы. Ааха роуит ианеиҵаха 18-ҩык, ԥшьҩык аполициауаагьы налаҵаны.
Убри аамҭазы Шьамтәыла аҳәынҭқарратә ныҟәарала даҭаан дыҟан Франциа ахада Еммануель Макрон. Атеракт ҟалеит иара дахьаангылаз асасааирҭа азааигәара. Макрон ихаҭа убри аамҭазы ахыбраҿы дыҟамызт, Шьамтәыла ахадеи иареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргон.

"Еиҳарак ацәанырра хьанҭақәа узцәырнагоит акгьы зхарамыз ауаа ааха рызҭаз ари уаҩра злам ацәгьоура асас дахь иаара аилашымҭаз иахьымҩаԥгаз, уи лымкаала иазгәанаҭоит апровокациатәи ацәгьацәыԥхамшьаратәи ҟазшьа", — ҳәа аҳәоит Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аекспатриантцәа русқәеи Рминистрра Аԥсны АдәАР иазынанашьҭыз анотаҿы.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агәрагара ааыдрԥшит аиҳабыреи адунеитә еилазаареи рымчала атеракт зхароу ахьырхәра ишақәшәо.