https://sputnik-abkhazia.info/20260708/1064246764.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Дамаск иҟалаз атеракт иақәыӡбеит Шьамтәылатәи аҳҭнықалақь агәҭа аԥжәара ҟалеит ԥхынгәы 7 рзы. Ааха роуит ианеиҵаха 18-ҩык... 08.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-08T18:01+0300
2026-07-08T18:01+0300
2026-07-08T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/08/1064246598_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_eb707bf5f7eabbf6393b10eb6dfa2a73.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Дамаск иҟалаз атеракт иақәыӡбеит Шьамтәылатәи аҳҭнықалақь агәҭа аԥжәара ҟалеит ԥхынгәы 7 рзы. Ааха роуит ианеиҵаха 18-ҩык, ԥшьҩык аполициауаагьы налаҵаны. Убри аамҭазы Шьамтәыла аҳәынҭқарратә ныҟәарала даҭаан дыҟан Франциа ахада Еммануель Макрон.Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агәрагара ааыдрԥшит аиҳабыреи адунеитә еилазаареи рымчала атеракт зхароу ахьырхәра ишақәшәо.
Ҳусураҿы ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара инаваргыланы, ихадоуп аусбарҭа кадрла аиқәыршәара иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа АҶА ашьақәгылара 20 шықәса ахыҵра иазкыз Sputnik апресс-конфиренциа аҟны."Аусбарҭа анаԥҵаз актәи амш инаркны аусзуҩцәа рыла аиқәыршәара ихымԥадатәу зҵааран. Урҭ аҵара дырҵатәын, иреилыркаатәын ихадоу, ихымԥадатәиу", — иҳәеит аминистр. Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иахьа Аԥснынтәи Урыстәылатәи академиақәа рахь аҿар шырышьҭуа, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡараҿ ааҩык лимитла аҵара рҵоит Аԥсни Урыстәылеи АҶА ирыбжьоу аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны.
Аԥснынтәи ф-ҭаацәарак, Аҭаацәеи, абзиабареи, аизыҟазаареи рымш аҽны "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи рзы" амедалқәа ранашьан Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы. Ари амш Аԥсны иазгәарҭоит 2010 шықәса аахыс, уи аамҭа иалагӡаны 68 ҭаацәара аҳамҭа ранашьан.Сынтәа амедал ранашьоуп: , Анатоли Марколиеи Кама Џьопуаԥҳаи,Евгении Раисеи Абраменковаа, Виачеслави Лиудмилеи Хороших, Заур Ҭырқьбеи Екатерина Бебиаԥҳаи Андраник Иумуклиани Гарине Чепниани, Џьамбул Жорданиеи Анна Гиурегиани. Аҳамҭақәа занашьоу 29 шықәса инаркны 56 шықәса рҟынӡа аҭаацәара иалоуп.
Аԥсны дронла ажәыларазы агәҽанҵара рылаҳәан иахьа. Ари аҩыза аҭагылазаашаьақәа раан Аҳаирхыхьчаратә мчқәеи Арбџьармчқәа аҷаҧшьаратә рҟәшақәеи аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Атәылауаа ааԥхьара рзыҟаҵоуп дронла ажәылаара аамҭазы иаарту аҭыԥқәа аанрыжьларц, ашәарҭараз рааигәа иҟоу ргәырҽанырҵарц, рхала адронқәа раҧырҟәҟәаара рҽазырымшәарц.Аҧырҩы дызҭам ахархәага ма уи ахәҭақәа ԥшаахар, хымҧада адырра ҟаҵатәуп: +7 (840) 274-40-10; +7 (940) 951-10-76.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Дамаск иҟалаз атеракт иақәыӡбеит Шьамтәылатәи аҳҭнықалақь агәҭа аԥжәара ҟалеит ԥхынгәы 7 рзы. Ааха роуит ианеиҵаха 18-ҩык, ԥшьҩык аполициауаагьы налаҵаны. Убри аамҭазы Шьамтәыла аҳәынҭқарратә ныҟәарала даҭаан дыҟан Франциа ахада Еммануель Макрон.Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агәрагара ааыдрԥшит аиҳабыреи адунеитә еилазаареи рымчала атеракт зхароу ахьырхәра ишақәшәо. Ҳусураҿы ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара инаваргыланы, ихадоуп аусбарҭа кадрла аиқәыршәара иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа АҶА ашьақәгылара 20 шықәса ахыҵра иазкыз Sputnik апресс-конфиренциа аҟны."Аусбарҭа анаԥҵаз актәи амш инаркны аусзуҩцәа рыла аиқәыршәара ихымԥадатәу зҵааран. Урҭ аҵара дырҵатәын, иреилыркаатәын ихадоу, ихымԥадатәиу", — иҳәеит аминистр. Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иахьа Аԥснынтәи Урыстәылатәи академиақәа рахь аҿар шырышьҭуа, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡараҿ ааҩык лимитла аҵара рҵоит Аԥсни Урыстәылеи АҶА ирыбжьоу аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны. Аԥснынтәи ф-ҭаацәарак, Аҭаацәеи, абзиабареи, аизыҟазаареи рымш аҽны "Абзиабареи гәык ала аизыҟазаареи рзы" амедалқәа ранашьан Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы. Ари амш Аԥсны иазгәарҭоит 2010 шықәса аахыс, уи аамҭа иалагӡаны 68 ҭаацәара аҳамҭа ранашьан.Сынтәа амедал ранашьоуп: , Анатоли Марколиеи Кама Џьопуаԥҳаи,Евгении Раисеи Абраменковаа, Виачеслави Лиудмилеи Хороших, Заур Ҭырқьбеи Екатерина Бебиаԥҳаи Андраник Иумуклиани Гарине Чепниани, Џьамбул Жорданиеи Анна Гиурегиани. Аҳамҭақәа занашьоу 29 шықәса инаркны 56 шықәса рҟынӡа аҭаацәара иалоуп. Аԥсны дронла ажәыларазы агәҽанҵара рылаҳәан иахьа. Ари аҩыза аҭагылазаашаьақәа раан Аҳаирхыхьчаратә мчқәеи Арбџьармчқәа аҷаҧшьаратә рҟәшақәеи аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Атәылауаа ааԥхьара рзыҟаҵоуп дронла ажәылаара аамҭазы иаарту аҭыԥқәа аанрыжьларц, ашәарҭараз рааигәа иҟоу ргәырҽанырҵарц, рхала адронқәа раҧырҟәҟәаара рҽазырымшәарц.Аҧырҩы дызҭам ахархәага ма уи ахәҭақәа ԥшаахар, хымҧада адырра ҟаҵатәуп: +7 (840) 274-40-10; +7 (940) 951-10-76.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/08/1064246598_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_f26f5171c3b8043c91b08c0cf7acbe80.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио