Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәа аԥҵәара иахҟьаны.
22:26 08.07.2026 (ирҿыцуп: 23:26 08.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәа аԥҵәара иахҟьаны.
"Лашарада иҟоуп астанциа маҷқәа "Баӷрыԥсҭа", "Гьечрыԥшь", "Цандрыԥшь-ахага". Ажәытә Гагра инаркны Ԥсоунӡа алашара ыҟаӡам", — ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
310 метра зоуроу ацәаҳәа агәаҩара иҭысуеит, убри аҟнытә атехника уахь изнеиуам, аԥхасҭа уаха аиҭашьақәыргылара залыршахом.