Ззин ыҟам аелектронтә сигаретқәа рымхуп Гагреи Цандрыԥшьи
12:21 09.07.2026 (ирҿыцуп: 12:38 09.07.2026)

© Foto / ГТК Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Ззин ыҟам аелектронтә сигаретқәа рымхуп Гагреи Цандрыԥшьи.
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Дмитри Ҭарба иитәу Гагра иҟоу адәқьанқәа рҳа "MILANO" агәаҭараан ирыԥшааит еиуеиԥшым ахьӡқәа змоу аелектронтә сигаретқәа 126, аелектронтә сигарет рзы аӡшьарқәа 86, зҽызыԥсахуа акартриџьқәа 9.
Ирымырхыз аалыҵ азеиԥш џьармыкьатә хәыԥса иартәеит 354 нызқьмааҭ рҟынӡа.
Иара убасгьы Цандрыԥшь аҳаблаҿ "MILANO" иатәу ҩ-дәқьанк рҿы аҳазалхратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирымырхит 71 електронтә сигарета, авеипқәа рзы 27 ӡшьар, зҽызыԥсахуа акартриџьқәа ԥшьба.
Аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазылхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.