00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:02
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Семья, сцена, любовь. Интервью с четой Жордания и Гюрегян
14:47
4 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Свет древних стен: как оживают забытые святыни Абхазии
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Анапхгарабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы. Аԥыза-министр Владимир Делба акомиссиа алахәылацәа 2026–2030 шықәсақәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә программа анагӡара, зегь раԥхьаӡа иргыланы амҩақәеи аенергетикеи ирыдҳәалоу аинфраструктуратә проектқәа уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәа ишрылацәажәо еиҭеиҳәеит. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров. Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараҿы амҩақәа реҭашьақәыргыларатә усурақәа, анаплак маҷқәа рзы льготлатәи акредитқәа рыҭара, анаплак маҷи абжьаратәи анаплакқәа рыцхыраара, иара убасгьы, Урыстәылеи Аԥсни АҩАР аинформациатә центр аргылара азҵаарақәа ишрылацәажәаз.
Мраҭашәаратәи акураторцәа рыцхыраарала украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиоз атерактқәа рсериа аԥнарҟәҟәааит Урыстәыла АШәМ. Аҽазышәара ахықәкқәа ируакын Атәылахьчара аминистрра афицар, иара убас арратә инфраструктура ахыбрақәа, ААК анаплак хадақәа руак налаҵаны. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, даанкылоуп украинатәи амаҵзура ҷыдақәа ари аус иаларгалаз, 25 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс. 2026 шықәса хәажәкырамзазы акоординатор идҵала лара Москва ауаҭах қьырала илгеит, уаҟа аррамаҵзурауаҩ дахьынхо аҭыԥи имашьынеи убартә еиԥш авидеохылаԥшратә камерақәа ықәлыргылеит, нас аҭыхымҭақәа Украинаҟа илышьҭуан.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 73 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Калугатәи, Новгородтәи, Твертәи, Орловтәи, Ленинградтәи, Ростовтәи аобластқәа рҿы. Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәеи Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы, иара убас Ҟрыми, Азовтәи амшын ақәыԥшылараҿи.
Ззин ыҟам аелектронтә сигаретқәа рымхуп Гагреи Цандрыԥшьи. Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Дмитри Ҭарба иитәу Гагра иҟоу адәқьанқәа рҳа "MILANO" агәаҭараан ирыԥшааит еиуеиԥшым ахьӡқәа змоу аелектронтә сигаретқәа 126, аелектронтә сигарет рзы аӡшьарқәа 86, зҽызыԥсахуа акартриџьқәа 9. Ирымырхыз аалыҵ азеиԥш џьармыкьатә хәыԥса иартәеит 354 нызқьмааҭ рҟынӡа. Иара убасгьы Цандрыԥшь аҳаблаҿ "MILANO" иатәу ҩ-дәқьанк рҿы аҳазалхратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирымырхит 71 електронтә сигарета, авеипқәа рзы 27 ӡшьар, зҽызыԥсахуа акартриџьқәа ԥшьба.
Ажәабжьқәа зегьы
0