Урыстәыла атәылауаҩ арҩашьыгатә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа иалеигалеит ҳәа ахара идҵоуп
13:41 09.07.2026 (ирҿыцуп: 14:39 09.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Денис Усов жә-кьылак инарзынаԥшуа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа иалеигалеит ҳәа ахара идҵоуп.
Иара 17 шықәса иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу ариаша-шьақәыргыларатә колониаҿы ихигарц, уи адагьы 2 млн мааҭ ахараԥса ишәароуп ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.
Усов ахара идырҵеит мҽхакыҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа ралагалара еиҿикааит, иара убас урҭ раахәареи, рыҭиреи рыҵәахреи хықәкыс иҟаҵаны.
Заанаҵтәи аусҭҵаарала ишьақәыргылан 2024 шықәса хәажәкырамзазы Усов Петербург ишеиҿикааз Аԥсны анаркотикқәа ралагалареи рыҭиреи рзы агәыԥ. Егьырҭ агәыԥ алахәылацәа дрылахәны, хьыӡ ҷыдас "Лиоша" иманы, иааихәеит 8,8 кьыла амефедрон.
Ззин ыҟам ари амаҭәашьар Усов инапынҵала аҳәаа иахигеит иахьазы зхаҭара шьақәыргылам, ахьӡ ҷыда "Козлов Андреи" змоу ауаҩы. Иара анаркотикқәа шьҭеиҵеит Аладатәи Ешыра амаӡа-ҭыԥ аҿы. Аҭыԥ ахьыҟоу азы адырра ииҭеит Денис Усов.
Рашәарамза 13 2024 шықәса рзы аҵәахырҭа иҭыганы агәлаҵақәа иргәылаԥсаны рыҭира далагеит, уи ашьҭахь даанкылан.