Аԥсуа театр аҿаԥхьа аӡыржәтә ӡыршә аиҭашьақәыргыларазы иқәыргеит
15:32 09.07.2026 (ирҿыцуп: 15:56 09.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Аԥсуа театр аҿаԥхьа аӡыржәтә ӡыршә аиҭашьақәыргыларазы иқәыргеит.
"Адраматә театр ашҭаҿы игылаз аӡыржәтә ӡыршә ааха ӷәӷәа аиуит, уи ахархәара залыршахом. Аргылара аграқәа ирыхҟьаны аӡыршә аӡы аҵыкәкәо иалагеит, хәҭақәак еилабгар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟан", — аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Аӡыршә ахәҭақәа зегьы иҷыдоу аҟазарҭахь ирышьҭит, уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит: аԥхасҭақәа аԥыххоит, иажәхьоу ахәҭақәа ԥсаххоит, аӡы анашьҭра асистема аусушьа гәаҭахоит.
Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак ашьҭахь аӡыржәтә ӡыршә иахьгылаз аҭыԥ ахь идырхынҳәуеит.