Сергеи Назаров Гәылрыԥшь араион усутә ныҟәарыла даҭааит
16:32 09.07.2026 (ирҿыцуп: 17:54 09.07.2026)

© Foto / Администрация Гулрыпшского района
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Сергеи Назаров Гәылрыԥшь араион усутә ныҟәарыла даҭааит аинвестициатә льготатә кредит аиура апрограмма анагӡаразы анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ аԥеиԥш змоу инарыгӡо аинвестициатә проектқәа дрыхәаԥшит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акосмостә тематика змоу акоттеџьқәа ртуристтә комплекс аргылара азԥхьагәазҭо апроект "Галактика" ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб, Гәылрыԥшь араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Ливтина Ажьиԥҳа, Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамисониа.
Иара убас апроектқәа рынагӡара аԥеиԥшқәа, араион асоциал-економикатә ҿиаразы урҭ рҵакы, аинвестициатә льготатә кредит аҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә дгылара ауразы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.