Жәларбжьаратәи ажанр рацәала еиларсыз афестиваль-еицлабра "Амилаҭ аԥшӡара" мҩаԥысит Гагра
12:30 10.07.2026 (ирҿыцуп: 17:36 10.07.2026)

© Foto / Лана Амичба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Жәларбжьаратәи ажанр рацәала еиларсыз афестиваль-еицлабра "Амилаҭ аԥшӡара" мҩаԥысит Гагра, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Лана Амҷԥҳа.
Афестиваль иалахәын 300-ҩык инареиҳаны Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи артистцәа қәыԥшцәа, Москвеи, Санкт-Петербурги, Орски, Серпухови уахь иналаҵаны.
Ахореографиатә хәҭа "жәлар рыкәашара " аҟны Гран-при иаԥсахеит Гәдоуҭатәи ансамбль "Шьарда", "аестрадатә кәашараҿы"— Владимиртәи аобласт Муром ақалақь аҟынтәи аколлектив "Вербовчанка ".
Ашәаҳәаҩцәа рыбжьара Гран-при ранашьахеит амузыкатә леибл "Назарет" ааӡымҭацәа — Алан Кархалааи Натина Кокосқьериаԥҳаи, иара убас очамчыратәи астудиа "Аеҵәа хәыҷқәа" аҟынтәи Рада Нардаиаԥҳа.
Афестиваль еиҿнакааит урыстәылатәи аилак "Москватәи аамҭа".