Гәылрыԥшь араион аҿы америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа аҟынтәи аҵлақәа рыхәышәтәра иалагеит
16:51 10.07.2026 (ирҿыцуп: 17:33 10.07.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа аҟынтәи аҵлақәа рыхәышәтәра иалагеит.
Аусурақәа мҩаԥысуеит Мархьаул ақыҭан араион Амашьына-трактортә станциа амчала, Ақыҭанхамҩа аминистрреи араион ахадареи рыцхыраарала.
Гәылрыԥшь араион ахадара ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан ишазгәеиҭаз ала, сынтәа аԥхасҭа зырҿио ахәаҷамаҷа еиҳарак Мархьаул иахьаҵанакуа аҽарҭбааит, убри аҟнытә уи шьаҭанкыла иаԥырхаанӡа аусурақәа ирыцҵахоит.
Уаанӡа, Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә маҵзура агәҽанҵара ҟанаҵахьан америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа ахыԥхьаӡара ишацло азы. Зымҽхак ҭбаау ахыҵхырҭақәа азгәаҭоуп — Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы, хаз игоу ахҭысқәа — Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа араионқәа рҿы.
Абаҳчақәеи аҭыӡҭыԥқәеи рыԥшәмацәа ирабжьыргоит иааиԥмырҟьаӡакәа аҵлақәа гәарҭаларц, абызкаҭаҳаҭрақәа ықәыргаларц, аҵиаақәа ирабжьгоу ахәшәқәа рыла аус рыдырулаларц. Аусдуларазы ахимиатә хархәагақәа азоурыжьуеит Ақыҭанхамҩа аминистрра.