Бадра Гәынба далахәын асеминар "Аԥсны аҳәынҭқарра аинформациатә дәы"
21:06 10.07.2026 (ирҿыцуп: 21:30 10.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Бадра Гәынба далахәын асеминар "Аԥсны аҳәынҭқарра аинформациатә дәы".
Аусмҩаԥгатә аҿы ацифратә коммуникациақәа рыҿиареи амчреи ауаажәларреи реинырра иалацәажәеит.
Иара убас дықәгылеит АНО "Диалог" адиректор хада Владимир Табак.
Аиԥылараан ицәырган Аҭагылазаашьатә центр аусура аихшьаалақәеи асистема "Ахҭыс-менеџьмент" алшарақәеи, урҭ аусбарҭақәеи ауааԥсыреи реимадара, ааԥхьарақәа аус рыдулара, атәылауаа рҭахрақәа рықәҿыҭра аамҭа акыр аркьаҿра алдыршеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала ацентр хықәкы хадас иамоуп аусбарҭақәа аоперативтә, ишәаны — изаны аӡбамҭақәа рыдкылара, ианаамҭоу апроблемақәа раарԥшра, ашәарҭарақәа разԥхьагәаҭара, аҭакқәа рыдгалара рыцхраара.
Гәынба иазгәеиҭеит аполитикатә система аҭышәынтәалара атәыла ахада имацара иакәымкәа, амчратә усбарҭақәа зегьы, анапхгаҩцәа, аҳәынҭмаҵзурауаа зегьы рзы принципны ишыҟоу.
Иара убас, Гәынба иазгәеиҭеит ацифратә коммуникациақәа рыҿиареи Аԥсны аҭоурыхи, акультуреи раларҵәареи шхымԥадатәиу.