00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
-2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Ахәыҷқәа рыбжьара ақәымчра: Мактина Џьынџьалԥҳа лыҿцәажәара
18:16
25 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Как защищены права участников СВО: итоги Всероссийского совещания омбудсменов
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тапаӷәуа: Аҳәынҭбызшәа адырразы аҭахрақәа аиашареи аиҟарареи апринципқәа рыла знеишьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Тапагуа
Батал Тапагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Апарламент ахь акандидатцәа аҳәынҭқарратә бызшәа рдырразы аҭахрақәа шьаҿа-шьаҿала ралагалара — аиашареи аиҟарареи апринципқәа рыла знеишьоуп ҳәа азиԥхьаӡоит аполитикатә усзуҩы Баҭал Тапаӷәуа.

Аԥсны ахада Бадра Гәынба Жәлар Реизарахь инаишьҭит азакәан, Апарламент ахь акандидатцәа аҳәынҭқарратә бызшәазы рдыррақәа агәаҭаразы алагала. Уа иарбоу ажәалагала амч аиуеит аԥсуаа рзы 2027 шықәса инаркны, адепутатрахь иқәгыло егьырҭ атәылауаа зегьы рзы 2032 шықәса инаркны.

"Сгәанала, ари зегь рыла ииашоу ӡбароуп. Аԥсуа милаҭ иатәу ахаҿқәа хымԥада агәаҭарақәа ирхысроуп, насгьы аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазароуп. Егьырҭ амилаҭқәа ракәзар — хәышықәса аамҭа рымоуп абызшәа аҵаразы. Макьана зегьы иахьынӡақәнагоу абызшәа рдырыртә аҭагылазаашьа аԥҵам. Иахәҭоу апрограммақәа ыҟоуп, аха урҭ рымҽхак азхом", — иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра ахада, иара убасгьы, аԥшьгара ҟаиҵеит Жәлар Реизарахь инеиуа адепутат аԥсышәала аҭоуба идкылара алагалара азы.

Тапаӷәуа игәаанагарала, ари анорма апарламент адепутатцәа ауаажәларра рҿаԥхьа иҷыдоу аморалтә уалԥшьа рыднаҵоит.
"Сара агәра згоит, Апарламент аҭоуба аҵакы ала аҳәынҭқарра ахада идикыло аҭоуба ишазааигәоу. Уи зегь рыла иҵаҵӷәыркуп, избанзар, Апарламент азакәанԥҵаратә усбарҭоуп, аҳәынҭқарра ашьаҭа хадақәа иреиуоуп. Агәра ганы сыҟоуп, абызшәа аҵаразы хәышықәса аамҭа змоугьы, аҭоуба атекст ҵаны аԥсышәала ишрыдыркылоу азы. Азнеишьа зегь рыла ииашоуп: ари ҳҳәынҭқарра шьақәнарӷәӷәоит, адепутат ихатәы интересқәа раԥхьа аҳәынҭқарратә интересқәа иргылар шахәҭоу аҳәоит. Ауаажәларра ринтересқәа рыхьчара иазынархоуп", — ҳәа азгәеиҭеит аексперт.
Документы - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2026
Аԥсны
Адепутатрахь акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәа адырраз адҵа етап-етапла иалагалахоит
Ажәабжьқәа зегьы
0