https://sputnik-abkhazia.info/20260713/1064330764.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиду аштатқәеи Ирани хыԥхьаӡара рацәала аахақәа еимырдеит.Вашингтон Иран жәабала ахықәкқәа рнаҭеит, аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа, арадарқәа, иара убас... 13.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-13T13:01+0300
2026-07-13T13:01+0300
2026-07-13T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0d/1064330598_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_5c1cf85fdfb92d5d5cd4e39b16598ccd.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Еиду аштатқәеи Ирани хыԥхьаӡара рацәала аахақәа еимырдеит.Вашингтон Иран жәабала ахықәкқәа рнаҭеит, аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа, арадарқәа, иара убас акатерқәа уахь иналаҵаны.КСИР акәзар Бахреин иҟоу аҳаирбаза Шеих-Иса аҿы ахықәкқәа ирыжәлеит, авертолиотқәа ртехникатә маҵзура аҭыԥқәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рнапхгараҭаратә центр ҭархоуа. Иара убасгьы Иран Иорданиеи Кувеити игылоу ЕАА абазақәа ааха рнаҭеит.Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит аинышәара аус шамуа, КСИР амчрақәа Ормузтәи аӡыбжьахалаҿы атанкерқәа ирықәлеит ҳәа ахьышьақәырӷәӷәоу инамаданы. Амҽыша ауха исламтәи ареспублика ирыланаҳәеит аӡыбжьахала шадыркуа, Еиду аштатқәа арегион аусқәа рыҽрылагалара ааннакылаанӡа. Уи аҭакс америкатәи ар Иран аҵакыраҿы аобиектқәа рыжәлара иалагеит.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Киев иагәҭакыз урыстәылатәи арратә аеродромқәа рыжәлара еиԥнарҟьеит.Агәызҩара ззыҟоу ргәы иҭан Амуртәии Челиабинсктәии аобластқәа рҿы иҟоу аеродромқәа Украинкеи Шаголи рҿы атеракт амҩаԥгара, мраҭашәара иҭыжьу дронқәа рыла ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Украинантәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Бриансктәи аобласт ахь ииаргеит аеростатқәеи адронқәеи рыла, анаҩс агентцәа машьынала аидара аеродромқәа рахь имҩанганы аппаратқәа рхархәара иаздырхион.Адронқәа рыдагьы ирымырхит акураторцәеи дареи реимадаратә хархәагақәа, АԥДА-қәа рнапхгаразы амобилтә станциақәа ҩба.
Аԥснытәи агава раԥхьаӡакәны, иагьҵыхәтәантәихаз акәны Санкт-Петербург иҟоу Пиотр Ду Иботаникатә баҳчаҿы ишәҭит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.Иара иажәақәа рыла, агава "Сальма" Аԥснынтәи Ленинградҟа ииаган 1946 шықәсазы, шәкыла аҵиаақәеи ажәлақәеи ацны, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан ааха зауз Европа иреиҳау аботаникатә баҳча аколлекциа аиҭашьақәыргыларазы. Иахьа аҵиаа азааигәара Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҟынтәи ишроуз узырбо адҩыла гылоуп. Агава "Сальма" знык ауп ианышәҭуа, уи ашьҭахь мызкы инханы иқәҵуеит.Бебиа иажәақәа рыла, ари ахкы даара имаҷуп, Аԥсны урҭ уаҳа иуҧылаӡом.
Тҟәарчал афымцастанциа ахыбраҿы ақалақьтә сааҭқәа кыдкнаҳалоуп .Уи аԥхьа ақалақь Тҟәарчал амш аназгәарҭоз ақалақь анхацәа Наур Минџьиеи Беслан Ҭарбеи ҳамҭас иазыҟарҵахьан ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура.Уи еиԥшыз асааҭ акыр шықәса афымца станциа ахыбра арԥшӡон анкьа, аха аибашьра ашьҭахь иаангылан иҟан .Уажәтәи асааҭ уаанӡатәи ахҩылаауп амала уажәтәи аҵырлашага ацуп."Ари еицырдыруа аинфраструктуратә ҟәырҷаха архынҳәра мацара акәӡам, уи аиҭаира ҿыц, абиԥарақәа реимадара, Ҭҟәарчал аамҭа ишацныҟәо иасимвол ауп", - аҳәоит ашәҟәаҿы.
Еиду аштатқәеи Ирани хыԥхьаӡара рацәала аахақәа еимырдеит.Вашингтон Иран жәабала ахықәкқәа рнаҭеит, аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа, арадарқәа, иара убас акатерқәа уахь иналаҵаны.КСИР акәзар Бахреин иҟоу аҳаирбаза Шеих-Иса аҿы ахықәкқәа ирыжәлеит, авертолиотқәа ртехникатә маҵзура аҭыԥқәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рнапхгараҭаратә центр ҭархоуа. Иара убасгьы Иран Иорданиеи Кувеити игылоу ЕАА абазақәа ааха рнаҭеит.Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит аинышәара аус шамуа, КСИР амчрақәа Ормузтәи аӡыбжьахалаҿы атанкерқәа ирықәлеит ҳәа ахьышьақәырӷәӷәоу инамаданы. Амҽыша ауха исламтәи ареспублика ирыланаҳәеит аӡыбжьахала шадыркуа, Еиду аштатқәа арегион аусқәа рыҽрылагалара ааннакылаанӡа. Уи аҭакс америкатәи ар Иран аҵакыраҿы аобиектқәа рыжәлара иалагеит. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Киев иагәҭакыз урыстәылатәи арратә аеродромқәа рыжәлара еиԥнарҟьеит.Агәызҩара ззыҟоу ргәы иҭан Амуртәии Челиабинсктәии аобластқәа рҿы иҟоу аеродромқәа Украинкеи Шаголи рҿы атеракт амҩаԥгара, мраҭашәара иҭыжьу дронқәа рыла ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Украинантәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Бриансктәи аобласт ахь ииаргеит аеростатқәеи адронқәеи рыла, анаҩс агентцәа машьынала аидара аеродромқәа рахь имҩанганы аппаратқәа рхархәара иаздырхион.Адронқәа рыдагьы ирымырхит акураторцәеи дареи реимадаратә хархәагақәа, АԥДА-қәа рнапхгаразы амобилтә станциақәа ҩба. Аԥснытәи агава раԥхьаӡакәны, иагьҵыхәтәантәихаз акәны Санкт-Петербург иҟоу Пиотр Ду Иботаникатә баҳчаҿы ишәҭит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.Иара иажәақәа рыла, агава "Сальма" Аԥснынтәи Ленинградҟа ииаган 1946 шықәсазы, шәкыла аҵиаақәеи ажәлақәеи ацны, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан ааха зауз Европа иреиҳау аботаникатә баҳча аколлекциа аиҭашьақәыргыларазы. Иахьа аҵиаа азааигәара Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҟынтәи ишроуз узырбо адҩыла гылоуп. Агава "Сальма" знык ауп ианышәҭуа, уи ашьҭахь мызкы инханы иқәҵуеит.Бебиа иажәақәа рыла, ари ахкы даара имаҷуп, Аԥсны урҭ уаҳа иуҧылаӡом. Тҟәарчал афымцастанциа ахыбраҿы ақалақьтә сааҭқәа кыдкнаҳалоуп .Уи аԥхьа ақалақь Тҟәарчал амш аназгәарҭоз ақалақь анхацәа Наур Минџьиеи Беслан Ҭарбеи ҳамҭас иазыҟарҵахьан ҳәа аанацҳауеит ахадара апресс-маҵзура.Уи еиԥшыз асааҭ акыр шықәса афымца станциа ахыбра арԥшӡон анкьа, аха аибашьра ашьҭахь иаангылан иҟан .Уажәтәи асааҭ уаанӡатәи ахҩылаауп амала уажәтәи аҵырлашага ацуп."Ари еицырдыруа аинфраструктуратә ҟәырҷаха архынҳәра мацара акәӡам, уи аиҭаира ҿыц, абиԥарақәа реимадара, Ҭҟәарчал аамҭа ишацныҟәо иасимвол ауп", - аҳәоит ашәҟәаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0d/1064330598_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_d97149817fe7064e78c5c8f7ecdc1b2c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио