Гагра араион амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡарала аԥхьа игылоуп
14:07 14.07.2026 (ирҿыцуп: 16:59 14.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Гагра араион амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡарала аԥхьа игылоуп иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба, Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
Аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа Гагра араион аҿы 21 машәыр ҟалеит. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гәдоуҭеи Аҟәеи рраионқәа. Уаҟа ахҭысқәа акырӡа еиҵоуп — 9-9 машәыр ҟалеит.
Аҩӡба иҳәеит амашәырқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара есышықәса ишылаҟәуа, 2025 шықәсазы 48-ҩык шыҟаз. Урҭ рҟынтәи 20-ҩык шьаҟауаан, 13-ҩык иахьахәҭамыз аҭыԥқәа рҿы амҩа иахысуан.