Адгьылтә закәанеидкыла ҿыц апроект иалацәажәеит Жәлар Реизара аилакы аилатәараҿы
16:01 14.07.2026 (ирҿыцуп: 17:01 14.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Адгьылтә закәанеидкыла ҿыц апроект иалацәажәеит аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы Жәлар Реизара аилакы аилатәараҿы.
Уи иалахәын Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы рхаҭарнакцәа.
Аус зуа азакәанеидкыла рыдыркылеит 1994 шықәса рзы, алахәылацәа ргәаанагарала уи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа аанарԥшӡом.
Аусшәҟә ҿыц иазгәанаҭоит адгьылқәа даҽа классификациак, атәылауааи ахатәхаҿқәеи адгьылқәа рыҭареи аҳәынҭқарратә ҭахрақәа рзы рымхреи аус акәамаҵамақәа, агаҿатәи ашьхатәи ҵакырақәа рхархәара аҳәаақәҵара. Иара убас, уи адгьылтә закәанԥҵареи Ақалақьргыларатә закәанеидкылеи, акадастр азы азакәани аишьаршәалара рызнауеит.
Аихшьаалақәа рыла, азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәарахь инагазарц аӡбамҭа рыдыркылеит — актәи аԥхьарала адкыларазы.