Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы 4500-ҩык инареиҳаны ахараԥса рықәҵан Аԥсны
16:24 14.07.2026 (ирҿыцуп: 17:02 14.07.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы 4500-ҩык инареиҳаны ахараԥса рықәҵан аҵыхәтәантәи ҩышықәсеи бжаки рыҩнуҵҟа иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
"Арыжәтә ыжәны аԥсҟы еиҭазкыз 334-ҩык ыҟан. Урҭ рҟынтәи 113-ҩык 15 уахи-ҽни рырбаандаҩразы рус ӡбан. Егьырҭ 4 800 ма 12 000 мааҭ ахараԥса рықәҵаны иоурышьҭит", — иҳәеит Аҩӡба, Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
2021-2023 шықәсқәа рзы арбагақәа еиҳа иҳаракын — усҟан амҩақәа рҿы иаадырԥшит 8 781-ҩык арыжәтә ыжәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа. Урҭ рҟынтәи 3 000-ҩык рҟынӡа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы иҟан.
Арбагақәа рыла — амҩатә машәырқәа зегь раасҭа лассы-лассы изыхҟьо аццакреи арыжәтә ыжәны аныҟәареи роуп. Амҩатә ԥҟарақәа еиҳарак еиларгоит хәышықәса инаркны аныҟәаратә ԥышәа змоу, 30-35 шықәса зхыҵуа амашьынарныҟәцаҩцәа.