Ахаа-мыхаақәа ҟазҵо жәаҩык Красноиарсктәи агастрономиа аинститут аҿы рԥышәа еиздырҳауеит
18:22 14.07.2026 (ирҿыцуп: 23:39 14.07.2026)

© Sputnik / Сергей Кулаков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Аԥснытәи ахаа-мыхаақәа ҟазҵо жәаҩык Красноиарсктәи агастрономиа аинститут аҿы рԥышәа аизырҳаразы акурсқәа ирхысуеит.
Азанааҭдырра апрограмма анагӡара иалацәажәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Вараздат Миносиани Маиа Цыбулевскаиеи ахәыҟаҵаразы аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи дареи ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Акурсқәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 20 инаркны нанҳәа 1 аҟынӡа, Аҟәатәи аколлеџь астудентцәа рымҩақьыреи рынхареи Аԥсны аиҳабыра ахахьы иагоит.
Апроект анагӡара алыршахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови реиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.