Аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵа аатит Камантәи аберҭыԥ аҟны
21:04 14.07.2026 (ирҿыцуп: 21:39 14.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵа аатит Камантәи аберҭыԥ аҟны.
Уаҟа ицәыргоуп Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) ихатә коллекциа аҟынтәи асахьақәа, еиуеиԥшым аукционқәа рҿы иаахәаз аусумҭақәа, иара убас ауахәама ҳамҭас иазааргаз ашқәа, арт-пленерқәа рлахәылацәа рхәыҷтәы сахьақәа, зыхә ҳараку ашәҟәқәа, зеиуа маҷу ашәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа.
Арҭ аусумҭақәа ӡырыргахьан Москва, Санкт-Петербург, иара убас нанҳәамзазы 65 сахьа цәыргақәҵахоит Тамбов — "Отражение небесного в земном" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ицәыргоу асахьақәа иреиуоуп — Ҭемыр Ҵәыџьба, Диана Воуба, Данил Допуа, Адгәыр Ԥлиа, Владимир Бернадин, иара убас Анатоли Анненков, Александр Боиаџьан, Ники Голуб русумҭақәа. Урҭ ақьырсиантәии абиблиатәии мотивқәа рныԥшуеит, Аԥсны ауахәамақәеи аныхабаақәеи ирызкуп.
Авторцәа ргәы иҭоуп Уфа, Ҭаҭарсҭан, Нижни Новгород, Самара ацәыргақәҵа аиҿкаара.