Бадра Гәынба Цандрыԥшь аҳаблан иҟоу ахәыҷтәы аԥхынтә лагер "Аԥеиԥш" даҭааит
14:09 15.07.2026 (ирҿыцуп: 14:29 15.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 15 — Sputnik. Бадра Гәынба Цандрыԥшь аҳаблан иҟоу ахәыҷтәы аԥхынтә лагер "Аԥеиԥш" даҭааит.
Атәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи ахәыҷқәа рзы аԥсшьара еиҿыркааит Аԥсны Аҵара аминистрра, асоциалтә ԥгаԥса Афонд алархәны.

Иахьа алагер аҿы рыԥсшьарамшқәа мҩаԥыргоит 100-ҩык рыла ишьақәгылоу ахәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ.
Ашколхәыҷқәа аҳәынҭқарратә гимн нарыгӡеит, асасцәа рзы аԥсуа милаҭтә мыругақәа адырҳәеит, икәашеит, рсахьаҭыхымҭақәа, рыжәлашьҭрақәа рсхемақәа ӡырыргеит.
Атәыла ахада ахәыҷқәа дрызҵааит рыԥсы шыршьо, иазгәеиҭеит аҿар рыԥсшьареи рааӡареи иазырхоу асеиԥш иҟоу апроектқәа рҵакы, инаҵшьны иазгәеиҭеит рхатәы бызшәеи ркультуреи реиқәырхаразы урҭ рҵакы.